Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҭҳаиҵыкә Заира Шьалуа-иҧҳа



Ҭҳаиҵыкә Заира Шьалуа-иҧҳа (29.01.1966 Аҧсны, Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭа) – аҧсуа поет, апублицист. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2003) Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи (2016) дрылоуп. Дыҩуеит аҧсышәала.

1983 ш. рзы А.М. Чочуа ихьӡ зху Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ далгеит. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала лҵара хлыркәшеит 1992 ш. рзы.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) аблокада иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҿы гәыҧҩык аҧсуа журналистцәа дрывагыланы аус луан аҭыҧан иҭыҵуаз агазеҭ «Абжьыуаа» аҟны ахатәы корреспондентс.

Аибашьра анеилга Аҧсны Аҵара аминистрраҿы аусура хацлыркит (1994), дрыдыркылеит апрограмма-методикатә ҟәша арҵагатә шәҟәқәа рбиблиотекатә фонд аспециалистс. 1995ш. диаган Аҧсны Аҵара аминистрра апрограмма-методикатәи аеқсперттәи аҟәша аспециалист хадас,2000 ш. нахыс - арҵага шәҟәқәа рҭыжьырҭа аусбарҭа акомпиутертә кьыҧхь аоператорс. 2002 ш. диаргеит Аҧсны Аҵара аминистрра иатәу арҵага шәҟәқәа рҭыжьырҭа аусбарҭа ареҭақторс. 2011ш. раахыс Аҧсны арҵага шәҟәқәа рҭыжьырҭа аусбарҭа аредақтор хадас дыҟоуп. 2005ш. инаркны аамҭакала иахьа уажәраанӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс аус луеит. Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи ажурнал «Алашареи» рпремиақәа ланашьоуп.

З. Ҭҳаиҵыкә алитераторцәа ҿарацәа дрызҿлымҳауп. Урҭ рҩымҭақәа реизга «Ашацкыра» (х-шәҟәык ҭыҵхьеит) лара еиқәлыршәеит, аредакциагьы азылуит.

 Журналистк лаҳасабала аибашьраан лусура инамаданы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп. Иланашьоуп Аҧсны Аиааира 20 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы иаҧҵоу амедал (2015).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала:Ааҧынра схьымӡар… Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1995;Снеилап сҟазшьала. Ажәеинраалақәа. Аҟәа.1998;Жәҩангәашәҧхьара. Ажәеинраалақәа. Аминиатиурақәа. Аҟәа, 2002; Агәыӷрақәа рҳәааҿ. Ажәеинраалақәа. Афоризмқәа. Аминиатиурақәа. Аҟәа, 2007; Разҟымҩала. Ажәеинраалақәа. Агәаанагарақәа. Астатиақәа. Аҟәа, 2011; Абырфын рахәыцқәа. Ажәеинраалақәа. Афоризмқәа. Аминиатиурақәа. Ажәабжь. Агәаанагарақәа. Астатиақәа. Аҟәа, 2015; Бжьышьхак ршаеҵәа. Иалкаау. Аҟәа, 2016; Ашәымҭақәа.  Аминиатиурақәа. Афоризмқәа. Аҟәа, 2018.