Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ҭарба Иван Константин-иҧа



Ҭарба Иван Константин-иҧа (21.03.1921, Аҧсны, Очамчыра араион Баслахә ақыҭа – 29.01.1994, Аҧсны, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа поет, апрозаик, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (1971; ароман «Амра ҳара ҳҟны игылоит» азы). Очамчыра ақалақь амҩақәа руак ихьӡ ахуп. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Баслахәтәи алагарҭатә школи Очамчыратәи ашкол-интернати рҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәша далгеит (1947). Аамҭак азы аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы. 1948-1953, 1958-1979 шш. раан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩын. 1953-1954 шш. рзы Аҧсны аҵара аминистрс, 1954-1958 шш. рзы акәзар, Қырҭтәылатәи Акомпартиа Аҧснытәи аобком амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1954 ш. СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далхын. 1979 ш. инаркны – азаанаҭеидгылақәа Аҧснытәи робласттә совет амаӡаныҟәаҩ. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ӷәӷәала ичмазаҩыз апоет аамҭак азы аӷацәа ирымпыҵакыз Аҟәа далаханы дыҟан, араҟа итҟәацыз аснариад аҧҽыхақәа рыла дҭахеит иҧшәмаҧҳәыс, атеатр актриса Еҭери Коӷониа. Ашьҭахь иара далыргеит Гәдоуҭаҟа, уи нахыс Пицунда дыҟан. Аҽшьра иақәикхьан, аха џьашьахәшәа деиқәхеит. И. Ҭарба иҧсҭазаара далҵаанӡа «Ауасиаҭ ацынхәрас» зыхьӡу ашәҟәы иҩит аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡала (шәахә. Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи. Аҟәа- Сухум, 1995, Ад. 52-53), уаҟа иҳәоит изқәикыз амзызқәа. Аибашьра аамҭа хьанҭа, изааигәаз ауаа ицәыӡра, хәшәтәышьа змамыз ичымазара уҳәа,  апоет ҭаха ирҭомызт. Аҧсны аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, иара иҧсадгьыл игәы азыбылуан, аиааирагьы агәра игон. Ашәҟәы аҟны  ицәыргоу ахшыҩҵакқәа акыр заа автор иааирԥшхьан иажәеинраалақәа  рҟны.

И. Ҭарба заа ажәеинраалақәа иҩуа далагеит. Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1937 ш. инаркны. Аҧсышәала еиҧш, иҩымҭақәа урысшәалеи қырҭшәалеи еиҭаганы ирнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә» (Аҟәа, 1981); «Аҧсуа поезиа антологиа» (урысшәала, М.,1958), «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Сухум, 2009); ашәҟәы «Сухумские мотивы. (2500-летию Сухума посвящяется)» (М., 2005) уҳәа егьырҭгьы.

И. Ҭарба иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иеиҭагақәеи раҧхьатәи реизга «Ашьха ӡыхь» ҭыҵит 1949 шықәсазы. Уи нахыс ажәеинраалақәеи апоемақәеи рацәаны иҩит, иара убас ароманқәа «Амра ҳара ҳҟны игылоит», «Идыру ахьӡ», «Сан лыблақәа», «Адунеи ахьалаго». Урҭ рахьтә  (ироманқәа хҧа налаҵаны) аурысшәахь еиҭаргеит Л. Длигач, А. Кронгауз, Н. Тихонов, Н. Асеев, И. Козловски, А. Межиров, Н. Заболоцки, Н. Гребнев, И. Кошежева, Б. Дубровин, А. Дементиев, Б. Ахмадулина, С. Куниаев, И. Риашенцев, А. Передреев, М. Синельников, В. Солоухин уҳәа егьырҭгьы, егьҭыжьын Москва, Аҟәа, Қарҭ. Иҩымҭақәа еиҭаган иара убас аукраин, абелорус, ақырҭуа, хинди уҳәа абызшәақәа рахь.

И. Ҭарба исценариала иҭыхын раҧхьатәи аҧсуа фильм «Аҽы зкәадыруа».

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ашьха ӡыхь. Ажәеинраалақәа, апоемақәа, аиҭагақәа. Аҟәа, 1949; Ицәажәоит агәы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1954; Абзиаразы еиниаша. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1955; Аҧышәара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1956; Ашәҟәыҩҩы ианҵамҭақәа. Аҟәа, 1957; Идыру ахьӡ. Ароман. Аҟәа, 1963; Аҳамҭа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1964; Амра ҳара ҳҟны  игылоит. Ароман. Аҟәа, 1968; Ацҳа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Иалкаау иҩымҭақәа. Х-томкны. Аҟәа, 1971-1973; Амҩақәа ахьеихало. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1974; Са смышәҳәыс. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1976; Сан лыблақәа. Ароман. Аҟәа, 1979; Ашьыжь иацу ашәахәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1980; Иалкаау иҩымҭақәа. Х-томкны. Аҟәа, 1981-1983; Аҧырра аамҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985; Адунеи ахьалаго. Ароман. Аҟәа, 1986; Ажәеинраалақәа, Аҟәа, 1987; Ааҧын. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1988; Ажьа. Ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1989; Иҩымҭақәа реизга. Ԥшь-томкны. Актәи атом. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1991; Иалкаау. Ҩ-томкны. Актәи атом. Ажәеинраалақәа, Аҟәа, 2011; Аҩбатәи атом. Ароманқәа. Аҟәа, 2011; аурысшәахь аиҭагақәа: С первых дней. Сборник стихов. М., 1953; Звезды. Стихи. М., 1957 («Библиотека “Огонек”», № 49); На суд товарищей. Стихи и поэмы. Тбилиси, 1957; О друзьях, товарищах. Стихи. М., 1957; Стихи и поэмы. М., 1959; Известное имя. Роман. М., 1964; Испытание. Стихи и поэмы. М., 1968; Известное имя. Роман. Тбилиси, 1969; Солнце встает у нас. Роман. М., 1970; Солнце встает у нас. Роман. М., 1972 («Роман-газета», № 16); Книга песен. Стихи. М., 1973; Я встречаю солнце. [Стихи]. М., 1973; Вершины отзовутся эхом. Стихи. Тбилиси, 1977; Весенний снег. Стихи. Сухуми, 1970; Дорога, которой нет конца... Стихотворения, поэмы. М., 1976; Избранные произведения: В 2-х томах. М., 1981; Глаза моей матери. Роман. М., 1982; Глаза моей матери. Роман. М., 1984 («Роман-газета», № 3 /985/); Поет дрозд. Стихи и поэмы. М., 1984; Стихотворения. М., 1989; абеларус бызшәахь аиҭагақәа: Солнце встает у нас. Роман / Перевод М. Парахневича. Минск, 1979; аукраин бызшәахь аиҭагақәа: Песня об Абхазии. Стихи / Перевод Сингаивского и Ю. Петренко. Киев, 1968; Солнце встает у нас. Роман / Перевод. Д. Мищенко. Киев, 1976; Стихи. Киев, 1984.