Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аџьба Таиф Шьаадаҭ-иҧа



Аџьба Таиф Шьаадаҭ-иҧа (11.03.1930, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа – хабарда дыбжьаӡит 1992 ш. октиабр жәба рзы, Аҟәа) – апоет.  СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1973) Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла. Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (иажәеинраалақәа реизга «Аныҳәаҧхьыӡ» азы). Дыҩуан аҧсышәала.

Аҷандаратәи абжьаратәи ашкол даналга, дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет (1967). 1983-1985  шш. раан дырхысит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт  Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа. Аус иухьан ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны редакторс, ажурналқәа «Алашара», «Ашколи аҧсҭазаареи» рредакциақәа рҟны, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультантс. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа, 1992 ш. октиабр жәба рзы ақырҭуа қәылаҩцәа дрытҟәеит, убри нахыс ихабар аӡәгьы имбеит. Еиқәхеит апоет Аҟәа далаханы даныҟаз ииҩуаз имшынҵа, «Ԥшӡала иаҳзырша» ҳәа ахьӡны егьҭыжьын 1994 шықәсазы.

Т. Аџьба апоезиа дазхьаҧшуа далагеит еиҳарак иреиҳау аҵараиурҭа данҭаз. Раҧхьатәи иажәеинраалақәа кьыҧхьын ажурнал «Алашара» 1991ш., №49, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») рдаҟьақәа рҟны. Раҧхьатәи ишәҟы «Ажәеинраалақәа» ҭыҵит 1968 шықәсазы, уи ала аҧхьаҩцәагьы деицгәарҭеит. Апоет иҩымҭақәа рнылон иара убас ажурнал «Амцабз», агазеҭқәа «Советсая Абхазия», «Еҵәаџьаа», алитературатә еизга «Ерцахә» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа жәпакы агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).

Авторс дрымоуп жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи апоемақәеи реизгақәа. Иажәеинраалақәа рыхәҭак еиҭагоуп аурыси ақырҭуеи бызшәақәа рахь.

Т. Аџьба аҧсшәахь еиҭеигеит А.С. Пушкин, М.И. Лермонтов, Ф.И. Тиутчев, А.А. Блок, Л. Озеров, А. Чивилихин, Б.А. Ахмадулина, Р.Ф. Казакова, Қь. Л. Мхце, Ҳ. Ԥанеш, И.Е. Нонешвили, М. Ԥоцхишвили, М. Мирнели ражәеинраалақәа. Икьыԥхьхьан аҧсуа поезиеи аҧсуареи ирызку еиуеиҧшым аочеркқәеи астатиақәеи.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1968; Аҵхи амши.  Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1970; Амш ианацло. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1973; Сара сҭынчра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1977; Ааҧын ашәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1978; Амҩа иқәу. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1979; Ашәҭқәа рыччаҧшь. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1980; Уахынлатәи ашәҭ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Аныҳәаҧхьыӡ. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1989; Ашәҭқәа рыччаҧшь. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1991; Иҩымҭақәа: ҩ-томкны. Аҟәа, 1999, 2000. Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 2001; аурысшәахь аиҭагақәа: Вторая жизнь. Стихи. М., 1983;  Вместо песни. Стихотворения. Сухуми, 1986: ; Вместо точек. Стихи и поэма. М., 1990.