Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҵнариа Владимир Леуан-иҧа



Аҵнариа Владимир Леуан-иҧа (28.02.1938, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 24. 10.2006, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа поет, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, аиҭагаҩ. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (1993), апрофессор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент (1997). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу. СССР-и Аҧсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа (1973) – ашьҭахь Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа (2003) рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәалеи (асахьаркыратә ҩымҭақәеи, астатиақәеи, аҭҵаамҭақәеи) урысшәалеи (астатиақәеи аҭҵаамҭақәеи), идыруан ақырҭуа, анемец бызшәақәа.

Аҵара иҵон Кәтолтәи ихарҭәаам ашкол аҟны, ашьҭахь, 1953 ш. инаркны Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школ аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи анемец бызшәеи рыҟәша далгеит (1962). Дагьҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Адунеитә литература аинститут аспирантура. 1963-1964 шш. раан Асовет аррамаҵура дахысуан, ашьҭахь аспирантураҿы иҵара иациҵон, егьхиркәшоит 1967 шықәсазы. 1968 ш. араҟа ихьчоит акандидаттә диссертациа «Б. У. Шьынқәба ирҿиареи аҧсуа поезиаҿы асахьаркыратә хаҿсахьа аҿиареи» атемала. 1993 ш. Адунеитә литература аинститут аҿы ихьчоит адоктортә диссертациа (амонографиа аформа ала) «Аҧсуа жәеинраалеиҿартәышьа; (Аметрика. Аритмика. Акомпозициа)».

1968 ш. инаркны аус иуан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (иахьа – Аҧсуаҭҵаара аинстиут) афольклори алитературеи рыҟәша (ашьҭахь – алитература аҟәша) аҟны аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс (1972 ш. азынӡа), аусзуҩыс (1972-1976), аусзуҩы еиҳабыс (1977-1994), усзуҩы хадас (1994 ш. нахыс).

Илагала шьардоуп аҧсуа литератураҭҵаареи акритикеи реизырҳараҿы. Хыҧхьаӡарарацәала аҭҵаарадырратә статиақәеи, алитература-критикатә статиақәеи, амонографиақәеи дравторуп, урҭ рхыҧхьаӡараҿы И. А. Коӷониа, Д. И. Гәлиа, Б. У. Шьынқәба, А. Н. Гогәуа уҳәа рырҿиамҭақәа ирызкқәоу. Иара убас ажәеинраалақәа реизгақәа.

В. Аҵнариа деицырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Аҧсшәахь еиҭеигеит Софокл итрагедиа «Аҳ Едип», А. П. Чехов икомедиа «Ашымҳа баҳча», А. С. Пушкин, Ҳ. Ҳаине, И. В. Гиоте рырҿиамҭақәа, ақырҭуа жәлар рпоезиа аҟнытә уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: ажәеинраалақәа реизгақәа: Алакә-џьашьахәы. Аҟәа, 1977; Амш бзиа. Аҟәа, 1982; Аҽнышьыбжьон. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи. Аҟәа, 1990; амонографиақәеи астатиақәа реизгақәеи: Б. Шьынқәба ирҿиара. (Алирика. Аепос. Апоетика). Қарҭ, 1970; Абырцкал. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1976; Шарҧы-еҵәа. (Иуа Коӷониа иҧсҭазаареи ирҿиареи). Аҟәа, 1979; Аҧсуа жәеинраалеиҿартәышьа: Аметрика. Аритмика. Акомпозициа. Аҟәа, 1987; Аамҭеи арҿиамҭеи. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1989; Алирикатә аамҭақәа. Алирикатә рҿиамҭақәа реиҿартәышьа иазкны. Аҟәа, 1991; Автоинтервиу (ҳаамҭазтәи адоуҳатә ҭагылазаашьазы афилолог игәҭахәыцрақәа). Аҟәа 1996.