Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Абреџь Гильда Салиҳ-иҧҳа



Абреџь Гильда Салиҳ-иҧҳа (29.05.1941, Адыгатәылатәи Автономтә Област, ақ. Маиҟәаҧ) – адыга шәҟәыҩҩы. Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2003). Дыҩуеит урысшәала.

Маиҟәаҧтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит англыз бызшәа арҵаҩы изанааҭ ала.

Акыр шықәса инеиҧынкыланы дынхон, аус луан Гәылрыҧшь араион Агәыӡера аҳаблан. Иахьазы дынхоит Гагра ақалақь аҟны.

Лҩымҭақәа анылахьеит альманах «Литературная Абхазия».

Аҭыжьымҭақәа: Акварель детства. Ановеллақәа рышәҟәы. М., 1995; Вечность учит терпению. Аповест. Аҟәа, 2010.