Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Агындиа Сергеи Арушьан-иҧа



Агындиа Сергеи Арушьан-иҧа (08.07.1953, Аҧсны, Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан) – апоет, ажурналист. СССР-и, Урыстәылеи, Аҧсни ржурналистцәа Реидгылақәа дрылоуп, 1997 ш. инаркны Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далан, 2003 ш. раахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа далоуп. Дыҩуеит аҧсышәала.

А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1976). Аус иуан агазеҭ «Аҧсны» аредакциаҿы, иара убас ажурналқәа «Алашара», «Амцабз» рредакциақәа рҟны. 2013ш. раахыс аус иуеит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла аконсультантс.

С. Агындиа раҧхьатәи иажәеинраала кьыҧхьын 1972ш. ажурнал «Алашара» аҟны. Убри нахыс иҩымҭақәа рнылоит агазеҭқәа: «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», алитературатә еизгақәа «Однажды в апреле», «Ерцахә», ажурнал «Нах Дуг» (ауаҧс бызшәала еиҭаганы, Владикавказ) уҳәа егьырҭгьы. Иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, абаза, аерман, ауаҧс бызшәақәа рахь.

Аҭыжьымҭақәа: Аҧсышәала: Мышкызны. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1996; Схынҳәит сара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, Аӡаӡа бырлашқәа рыкәашара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002; Сҽыхәа неиуеит иццакуа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2003; Аҳәынҵәраҧшь. Ажәеинраалақәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2006; Ҳазнышәо иҟоу лахьынҵоуп. Ажәеинраалақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 2011; Иалкаау. Аҟәа, 2014; Ари амза амаӡа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2015.