Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ахьиба Владимир Александр-иҧа



Ахьиба Владимир Александр-иҧа (23.01.1938, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Жәандәырҧшь ақыҭа – 31.01.2000, Аҟәа) – аҧсуа поет. СССР-и (1989) Аҧсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

8-шықәса даҧхьеит Жәандәырԥшьтәи ашкол аҟны, ажәбатәи акласс Мгәыӡырхәатәи ашкол аҟны ихиркәшеит. 1956 ш. Кьалашәыртәи (Аҟәа) ақыҭанахамҩатә техникум даанахәеит. Ҩышьықәса рышьҭахь уи Аҽгәараҟа (Гал араион) ииаган. Атехникум далгеит 1961 шықәсазы.

Иҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурнал «Алашара», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Бзыҧ» уҳәа рҟны.

В.Ахьиба иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Иажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭыжьуп.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Еихызгоит сшьаҿа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1971; Адац. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1976; Исҧыло, сызҧыло. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979; Адгьыл ахьаа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1982; Ааҧын сызҭаз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Абри сыдгьылаҿ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988; Адгьыл ахьаа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1992; Амцеи аеҵәеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1994; Сышьхақәа раамҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014.