Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ажьиба Енвер Владимир-иҧа



Ажьиба Енвер Владимир-иҧа (13.05.1958, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа) – аҧсуа поет, апрозаик, апублицист, ажурналист. Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист (2015). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997), ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003), Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи Жәларбжьаратәи ажурналисттә еидгылақәа Рконфедирацииеи рлахәыла. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) аветеран. Дыҩуеит аҧсышәала.

1975 ш. далгеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ. 1976 ш. Аҟәа шықәсыктәи аҳасабеилыргаратә курсқәа дырхысит. 1986 шықәсазы далгеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет, аҧсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭи, алитератураҭҵааразы иҷыдоу азанааҭи иманы. 1977-1979 шш. рзы аус иуан аколнхараҿы ҳасабеилыргаҩыс. Анаҩс, 1979-1989 шш. раан аус иуан Аҟәатәи атипографиаҿы, агазеҭтә цех аҟны цинкографс. 1980-1983 шш. рзы Аҧснытәи аҳәынҭтелерадио акорреспондентс дыҟан. 1983-1988 шш. рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны алитературатә ҟәша деиҳабын. 1988-1990 шш. рзы ашәҟәҭыжьырҭеи, аполиграфиеи, шәҟәыла ахәҳахәҭреи рзы Аҳәынҭкомитет аҟны редақтор хадас дыҟан. 1990-2005 шш. раан – ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада ихаҭыҧуаҩыси, аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩыси. Аҵыхәтәан – агазеҭ «Еҵәаџьааи» ажурнал «Амцабзи» рҟны аредактор ихаҭыҧуаҩыс, аҭакзыҧхықәу маӡаныҟәгаҩыс дыҟан. 2017 ш. раахыс агазеҭ «Аҧсны» аредактор хадас аус иуеит.

Акьыҧхь аҿы дцәырҵит 1977 ш. инаркны. Иажәеинраалақәа икьыҧхьуан:. ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз»; агазеҭқәа: «Бзыҧ», «Еҵәаџьаа», «Аҧсны ҟаҧшь», «Литературная газета»; аизгақәа: «…Памятник нам сыновей не заменит… Ажәеинраалақәа, ашәақәа» (Аҟәа, 1994), «Ахаҵарашәа». Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа-Сухум, 1995) уҳәа рҟны. Иҩымҭақәа агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009. Иажәеинраалақәак еиҭагоуп аурыс, аерман бызшәақәа рахь.

Иажъеинраала6ъа агъылоуп иара убас 1987 ш. рзы Москва, ашәҟәҭыжьырҭа «Молодая Гвардия -87» ҳәа зеиҧш хыс иаманы урысшәала иҭыҵыз, аҿарацәа гәыҧҩык рҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәы.

Иҭижьхьеит ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи еидызкыло ашәҟәқәа 13. Урҭ рахьтә хҧа ахәыҷқәа ирызкуп.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Амш амҵәыжәҩақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,1984; Абзиабареи аҧсҭазаареи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,1986; Ааҧынтәи ашьыжь. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1988; Аҧсуа хаҳә. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990; Сгәы абжьы саҳауанаҵы… Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2001; Аҿыхара. Ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2004; Амца ҿыцәаанӡа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2006; Схәышҭаара акәицқәа. Иалкаау ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008; Сдоуҳамч. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009; Амҩеиҧшьырҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2012; Слахьынҵамҩа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2016; Амшшара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,2018.