Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Бебиа Платон Хәамҧа-иҧа



Бебиа Платон Хәамҧа-иҧа (05. 10. 1935, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа — 26. 09. 2021) – апоет, апрозаик, апублицист. СССР-и (1965) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1999). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, ианашьан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа (2007, Р. Биорнс иажәеинраалақәа реизга аиҭага азы), «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ изҵан (2020). Дыҩуан аҧсышәала.

Заа иан диҧхеит. Ԥшьышықәса аҵара иҵон Џьгьардатәи аа-шықәсатәи ашкол аҟны, ашьҭахь Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол даналга,  абжьаратә ҵара хиркәшеит Тамшьтәи  ашкол аҟны. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1959), иара убас А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт (1968). Аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», ажурнал «Амцабз» рредакциақәа рҟны. Уи нахыс акыр шықәса аус иуит ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны редакторс, аиҳабы ихаҭыҧуаҩс, аредактор хадас (1979) ш. инаркны), ашәҟәҭыжьырҭа аиҳабыс.

Ажәеинраалақәа иҩуа далагеит жәохә шықәса анихыҵуаз инаркны. Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1952 ш. нахыс. Иҩымҭақәа рнылон еиуеиҧшым аколлективтә еизгақәа, ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Звезда», «Наш современник», «Молодая гвардия»; агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Бзыҧ», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», «Литературная газета», «Литературная Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә» уҳәа егьырҭгьы.

Авторс дрымоуп хыҧхьаӡарарацәала ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа,  ажәабжьқәа, иара убас ароманқәа «Ашьацҳәа», «Ақьачақьцәа». Апоет иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» аҩбатәи атом (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Ҩеижәихәба инареиҳаны ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа  реизгақәеи  ароманқәеи ҭижьхьеит.

П. Бебиа иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, аукраин, аерман уҳәа егьырҭ абызшәақәа рахь. Аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьуп иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, ипрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа жәпакы.

П. Бебиа дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы, аҧсшәахь еиҭеигеит А.С. Пушкин, Р. Биорнс, С.А. Есенин, Г. Лорка, Н. Ҳиқьмеҭ, Л. Украинка, С.В. Михалков, Е.А. Евтушенко, Б.М. Пачев, Б.Г. Кагермазов, Ҟ. Ш. Кулиев, Ш.С. Акобиа, Џь. Ҟ. Лаҩыцә ражәеинраалақәа, Ч.Т. Аитматов иажәабжьқәа «Аиқәшәара», «Аибашьҩы иҧа» уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ацәқәырҧақәа. Аҟәа, 1959; Алирика. (Ажәеинраалақәеи апоемақәеи). Аҟәа, 1961; Аеҵәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1965; Аҳәыҳәқәа. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа, 1966; Ицәоу аӡиас. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Амра аҿы аӡәӡәоит. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1971; Ахьы уардын. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1973; Адгьыл амҵәыжәҩақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1975; Аӷба шкәакәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1977; Ацәаҟәа. Ановеллақәа. Аҟәа, 1978; Агәҭыха. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1979; Ашьацҳәа. Ароман. Аҟәа, 1981; Амш хьамҧш. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1983; Ақәранҵыра. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1985; Ацҳаражәҳәаҩ. Ановеллақәа. Аҟәа, 1987; Ақьачақьцәа. Ароман. Аҟәа, 1989; Аҳәымца. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1991; Мықә. Ақыҭазы агәыҵхажәа. Аҟәа, 1992; Иҩымҭақәа. Быжь-томкны. Аҟәа, 1995-2008;  Иҩымҭақәа. Ԥшь-томкны. Аҟәа, 2010; Аӡын ҿымҭи ааҧын ҿыхеи. Аповестқәа. Аҟәа, 2012; Ахаҳәраҳа. Иажәеинраалоу ароман. Аҟәа, 2013; Уа мшыбзиа, амш бзиа! Ахәыҷқәа рзы. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Алакәқәа. Ажәабжьқәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 2015; аурысшәахь аиҭагақәа: Спящая река. Стихи и поэма. М., 1981; Радуга. Рассказы. (Для младшего школьного возраста). М., 1982; И катится золотая арба. Роман. М., 1989.