Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Коӷониа Иуа Абас-иҧа



Коӷониа Иуа Абас-иҧа (13.03.1904, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Кәтол ақыҭа – 14.07.1928, Кәтол ақыҭа) – аҧсуа поет, ажурналист. Дыҩуан аҧсышәала.

Д. И. Гәлиа иаҧшьгарала еиҿкааз Кәтол ақыҭантәи ашкол даналга, 1919 ш. инаркны аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы (ашьҭахь – арҵаҩратә техникум). Араҟа аҧсуа бызшәа дирҵон Д. И. Гәлиа. Асеминариаҿы алитературатә кружок аусуреи анапылаҩыратә журнал «Ашарҧы-еҵәа» аҭыжьреи дрылахәын. 1924-1925 шш. рзы Аҟәа еиҿикааит алитературатәи адраматәи кружокқәа. Инапхгарала иҭрыжьуан анапылаҩыратә журнал «Аҿар рыбжьы». Акружокқәа хықәкы хадас ирыман ақалақьи ақыҭеи рҟны акультура-рккаратә усура амҩаҧгара, ахатәы бызшәа аиқәырхареи уи арҿиареи, ауааҧсыра рыҩнуҵҟатәи аҵарадара аԥыхра, алитераторцәа ҿарацәа ралҧшаара.

1925-1928 шш. раан И. Коӷониа аҵара иҵон Москватәи аҳәынҭқарратә ажурналистикатә институт аҟны. Москва уи аҧсуа газеҭқәа ркорреспондентс дыҟан, Аҟәаҟа иааишьҭуан акультуратә ҵакы змаз аматериалқәа. Хара имгакәа иаби, иани, иаҳәшьа Камеи рыҧсҭазаара иалҵит. Аҭаацәара ду ныҟәызгоз дрымамкәа иаанхеит. Аӡын И. Коӷониа ашкол ахь данзымцоз ҟалалон иахәҭаз ашьаҵатәы амамзаара иахҟьаны.  Абри иахҟьазгьы ыҟоуп игәабзиара ауашәшәырахараҿы. Аинститут далгаанӡа, ӷәӷәала дычмазаҩны Аҟәаҟа дааргеит. Иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иара дышьҭан Ахәҵа аҳаблан, Ҳаџьараҭ Аӡынба иҩнаҭаҿы. Араҟа ауп иҧсҭазаара дахьалҵызгьы. Ашьҭахь иҧсыбаҩ Кәтолҟа ииаган.

И. Коӷониа данхәҷыз инаркны жәлар рҿаҧыц рҿиамҭақәа, алакәқәа, афырхаҵаратә ҳамҭақәа, жәлар рпоезиа, ажәаҧҟақәеи ажәарццакқәеи дрызҿлымҳан. Рыҩнаҭа лассы-лассы иаҭаалон Чагә Чаҵә иеиҧш иҟаз еицырдыруаз ажәабжьҳәаҩцәа. Ишнеи-шнеиуаз афольклортә материалқәа шьаҭас иаиоуит ипоезиа, еиҳаракгьы ипоемақәа.

Агәаанагара злаҟоу ала, ажәеинраалақәа рыҩра далагеит арҵаҩратә семинариа данҭаз. Аха, ифольклортә анҵамҭақәа реиҧш, урҭ иҩымҭақәа  акьыҧхь рбо иаланеит 1920ш. инаркны. Раҧхьатәи истатиа «Аҵара шаҟа хәарҭара алоу!» анылеит агазеҭ «Аҧсны» (1920, №8), раҧхьатәи иажәеинрала «Аӷьыч рыцҳа» акәзаргьы, ари агазеҭ ианылеит (1920, №9).

И. Коӷониа авторс дрымоуп апоемақәа ааба («Абаҭаа Беслан», «Наҩеи Мзауҷи», «Хмыҷ Шәарыцаҩ», «Маршьанаа шықәибахыз» «Зосҳан Ачбеи Жанаа Беслан иҧацәеи», «Мшәагә кьаҿи Папба Рашьыҭи», «Ашәныуа Мырзаҟан», «Ашәба Данаҟаи аҟарач Баҟәыҟәи»). Апоемақәа ҩуп 1924-1925 шш. раан, насгьы Кәтол. Урҭ апоет ихаҭа дызхааныз аҧсуаа ажәытәтәи рыҧсҭазаара иазкуп. Убри аҟнытә, апоет дықәгылоит хьӡыртәҩык иаҳасабала, аобиктивтә-епикатә форма змоу ажәабжь еиҭаҳәаҩык иакәны. Урҭ ртема хадақәас иҟоуп – аиҩызара, агәрагара, ачарҳәара, афырхаҵара, аҳаҭыр, ашьаура. Апоемақәа ҩуп жәлар рҳәамҭақәеи ражәабжьқәеи рышьаҭала. Апоет ҟазарла ихы иаирхәоит афолклортә сиужетқәа, бызшәа лыҧшаахлагьы ицәыригоит. Апоемақәа зегьы рҟны апоет ихшыҩзышьҭра хадаҿы иҟоуп Аҧсуара, амилаҭтә етика, уи аныҟәгашьа.

И. Коӷониа иҧсы ҭанаҵы иҭыҵит ипоемақәа рышәҟәы «Апоемақәа. Ажәытә ажәабжьқәа» (Аҟәа, 1925). Ашьҭахь иҩымҭақәа реизгақәа зныкымкәа иҭыжьын. Иажәеинраалақәеи ипоемақәеи рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа- Сухум», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Еҵәаџьаа», рыхәҭак агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа –Москва, 2009) уҳәа егьырҭгьы.

И. Коӷониа иажәеинраалақәа аурысшәахь еиҭаргеит Б. Брик, Д. Голубков, И. Левитански, Р. Казакова, Д. Чачхалиа. Аиҭагақәа кьыҧхьын «Аҧсуа поезиа антологиа» (урысшәала, М., 1958), агазеҭ «Советская Абхазия» уҳәа рҟны, хазы шәҟәқәангьы иҭыҵхьеит.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Апоемақәа, Ажәытә жәабжьқәа. Аҟәа, 1925; Ажәытә жәабжьқәа. (Апоемақәеи ажәеинраалақәеи аҧсуаа рыбзазашьа аҟнытә). Аҟәа, 1934: Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1955; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Иҩымҭақәа. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Астатиақәа. Асалам шәҟәқәа. Аҟәа, 1974; Иҩымҭақәа. Аҟәа, 2015; аурысшәахь аиҭагақәа: Избранное. Стихи и поэмы. М., 1971; Стихи и поэмы. Сухуми, 1972.