Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Лагәлаа Анатоли Ианкәа-иҧа



Лагәлаа Анатоли Ианкәа-иҧа (01.06.1961 ш. Аҧсны, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла) - аҧсуа поет, апрозаик, апублицист. СССР-и (1989), Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Ианашьоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (2010, ишәҟәы «Амш хәашьқәа цеит» азы), Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (2016). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Дыҩуеит аҧсышәала.

1978 ш. рзы Ҷлоутәи абжьаратә школ даналга 1979 ш. рзы дҭалоит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Ахҧатәи акурс анхиркәша, 1982 ш. рзы диасуеит М. А. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә университет ажурналистикатә факультет ашҟа. Ахҧатәи акурс ахь дрыдыркылоит, аха ичымазара иахҟьаны шықәсык ашьҭахь Аҧсныҟа дхынҳәуеит. Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны иҵара хиркәшоит 1984 ш. рзы.

Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы аус иухьеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны»,1983), ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредактор еиҵбыс (1984), ажурнал «Алашара» апроза аҟәша аиҳабыс (1984-1985), ашьҭахь - аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс (1985-2004).

2004 ш. апрель 15 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла изаамҭанымыз Х-тәи аизара ду аҟны далырхуеит ажурнал «Алашара» аредактор хадас. Иахьа уажәраанӡа араҟа аус иуеит.

Ажурнал аҿы иусура хада инаваргыланы акыр шықәса имҩаҧигон арадиои ателехәаҧшреи рҿы алитературатә дырраҭарақәа «Абырлаш», «Ажәа амч». Аҧсны акультуратәи ауаажәларратәи ҧсҭазаара далахәуп.

Ажәеинраалақәеи астатиа кьаҿқәеи рыҩра далагеит ашкол данҭаз. Иҩымҭақәа рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Абаза», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Аидгылара», «Бзыҧ», «Еҵәаџьаа», «Литературнаиа Россиа» уҳәа.

Иҭижьхьеит апоезиатәи апрозатәи рҿиамҭақәа еидызкыло 24 шәҟәы, иара убасгьы иҩымҭақәа еиҭаганы ирнылахьеит Аҟәеи Москвеи еиуеиҧшым альманахқәеи агазеҭқәеи.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Урҭ аблақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Шьазинагьы илҭахын анасыҧ. Ажәабжьқәа. Аҟәа,1986; Агәҭыха. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1990; Иацтәи амш абжьы. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. Аҟәа, 1989; Нарсоу. Ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1994; Мышьҭабзиа. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәеи аповести. Аҟәа, 1994; Адгьыл гәалак амоуп. Ажәеинраалақәа. Аиҩызаратә шаржқәа. Аҟәа, 1995; Ануаа рхәы. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа; 1995 ; Сыҧсадгьыл заҵәуп. Ажәабжьқәеи аиҭагамҭақәеи. Аҟәа, 1998; Сыҧхыӡ ссир. Алирикатә жәеинраалақәа. Аҟәа ,1999; Уламыс уашьҭуам. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002; Арашь. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа – Маиҟәаҧ, 2004; Рыбжьы наҩит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2005; Асас. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа,2005; Амш хәашьқәа цеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008; Издыруада дыҵәҩаншьапхар. Ажәабжьқәа. Аповестқәа. Аҟәа, 2009; Аизга. Ҩ-томкны. Актәи атом. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011; Аҩбатәи атом. Аҟәа, 2011, Алҧха. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,2013; Ардәына. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. Аҟәа, 2014; Ауаа разқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2015; Аамҭа иазымҵәахыз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2015; Анасыҧ амҵәыжәҩақәа. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. Аповестқәа. Аессеқәа. Аиҭагақәа. Москва, 2019.