Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Лашәриа Алықьса Едгьы-иҧа



Лашәриа Алықьса Едгьы-иҧа (15.11.1927, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 30.04.1959, Аҧсны, Аҟәа) – аҧсуа поет, апрозаик, СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Диит анхаҩ ӷар иҭаацәараҿы. Дышхәыҷыз иани иаби иҧхеит. Акыр ауадаҩрақәа дшырҭагылазгьы, аҵара иҵон Кәтолтәи ашкол аҟны. 1946 ш. далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум, убри ашықәс аан дагьҭалоит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Хышықәса аҵара аниҵа ашьҭахь дҭалоит Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Иреиҳау аҵараиурҭа далганы, 1954 ш. Аҧсныҟа дхынҳәуеит, аусурагьы хациркуеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы. 1955 ш. диасуеит ҿыц аҭыҵра иалагаз ажурнал «Алашара» аредакциахь. Аха, хара имгакәа диаргоит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа амаӡаныҟәгаҩыс. Иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан аус иуан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа алитературатә хәҭа аиҳабыс.

А.Лашәриа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 14-15 ш. анихыҵуаз, арҵаҩратә техникум данҭаз, К.Шь. Ломиеи иареи алахәын алитературатә кружок аусура. Уи напхгара аиҭон аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Маан Васили Николаи-иҧа.

Раҧхьатәи иҩымҭақәа кьыҧхьын 1944 ш. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьуаз алитературатә «Альманах», иара убас агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аҟны. Иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иажәабжьқәеи еидызкыло жәохә рҟынӡа ашәҟәқәа авторс дрымоуп, урысшәалеи қырҭшәалеи иҭыжьу убрахь иналаҵаны. Иҩит иара убас апиесақәа ҩба: «Гәыкала абзиабара», «Ахаҧыц хьаа». Рыҩбагьы ықәдыргылахьеит С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Иҭынхеит даҽа ҩ-повестк: «Ҳаџьараҭ» (аибашьра ашьҭахьтәи аҧсуа қыҭа аҧсҭазаареи, иахнагаз ауадаҩрақәеи ирызкны), «Ашәахәақәа» (ақыҭа интеллигенциа ирызку).

А.Лашәриа аҧсшәахь еиҭеигеит В.В. Маиаковски, И.Г. Ҷавҷавадзе, М. Мернели, И. Ночешвили уҳәа ражәеинраалақәа жәпакы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ашәақәа (Ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи). Аҟәа, 1954; Хашҭра зқәым. Апоемақәа. Аҟәа, 1956; Смал. Ажәеинраалақәа. Аҟәа 1957; Кьабырхәынтәи ашьыжь. Ажәабжьқәеи адрамеи. Аҟәа, 1958; Сареи ааҧынреи, Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа 1959; Иалкаау. Аҟәа, 1960; Сҩызцәа рахь. (Ажәеинраалақәеи апоемеи). Аҟәа, 1970; Иалкаау. (Ажәеинраалақәеи апоемақәеи). Аҟәа, 1976; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983; Аиҩызцәа. Ажәабжь. Аҟәа, 1988; аурысшәахь аиҭагақәа: Киабрхунское утро. Рассказы. М., 1954; Дружба сверстников. Стихи и поэма. М., 1955; Любовь на рассвете. (Стихи и поэма). М., 1959; Жить как солнце!.. Стихи и поэмы. Сухум, 2007.