Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Макачаа Лариса Заабеҭ-иҧҳа



Макачаа Лариса Заабеҭ-иҧҳа (01.05.1950, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭа) – аҧсуа поет, апублицист. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2003). Дыҩуеит аҧсышәала.

1967 ш. далгеит Аацытәи (Гәдоуҭа араион) абжьаратәи ашкол. 1974 ш. лҵара хлыркәшеит Қарҭтәи атехнологиатә техникум аҟны, ааглыхра ласы аусхк аҟны анџьныр-технолог изанааҭ лоуит. Акыр шықәса нбанҟәшәаҩыс аус луан Аҟәатәи ааглыхра-полиграфиатә еидҵараҿы. 2002–2007 шш. раан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны аҧсуа редақциаҿы редакторс дыҟан.

Лажәеинраалақәа рнылон ажурнал «Алашара», аизга «Памятник нам сыновей не заменит… Стихи и песни». Сухум, 1994), «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Иҭлыжьхьеит ажәеинраалақәа реизгақәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ишәы ухала. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1996; Раҧхьатәи аҵәҵәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1999; Сҵәуаӡом уаҳа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2000; Сара сӡиас. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009; Ԥшьышәи ҩеижәижәаба мши ҵхи. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) иазку астатиақәа реизга. Аҟәа, 2009).