Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Миқаиа Мушьни Ирод-иҧа



Миқаиа Мушьни Ирод-иҧа (22.02.1932, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа) – 23.05.2018) - аҧсуа поет, апрозаик. СССР-и (1967) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003). Ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. Дыҩуан аҧсышәала.

Кәтолтәи ихарҭәаам абжьаратәи ашкол даналга (1948) дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа, аха ичымазара иахҟьаны иҵара аанижьуеит. 1952 ш. аҧырратә ҵараиурҭа даанахәоит, аамҭак азы аҳаирпланқәа рыла дҧыруан. Аҧсныҟа даныхынҳә (1957), А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалоит. Иҵара хиркәшоит 1962 шықәсазы. Абри ашықәс инаркны ажурнал «Алашара» аредакциа аҟны литературатә усзуҩыс дрыдыркылоит, уи нахыс апоезиа аҟәша деиҳабын.

Раҧхьатәи иажәеинраала «Ашьыжь» А. Н. Џьонуа иаҧхьажәа «Мҩамш» ацны агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» ианылеит (1948). Ашьҭахь иҩымҭақәа рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа – Сухум», аизга «Ерцахә», агазеҭқәа: «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва) уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа маҷымкәа ианылеит «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи реизгақәа ҭижьит. Авторс дрымоуп убас ароманқәа «Ахҟа», «Ашацәа ртәарҭа».

Иажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыси ақырҭуеи бызшәақәа рахь. 1968 ш. қырҭшәала иҭыжьын иажәеинраалақәа реизга «Амахә шкәакәа».

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ашәҭи аӡаӡеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1962; Ааҧынтәи ашьыжь. Ажәеинраалақәа. 1965; Ашацкыра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1971; Аҧслымӡ шаха. Аҟәа, 1975; Адәҳәыҧш. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1977; Аҧра шкәакәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979; Аеҵәа ашьҭа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1981;  Иалкаау. Ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа. Аҟәа, 1982; Ахәыҷра аҵла. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәеи алакәқәеи. Аҟәа, 1985; Уаҵәтәи амш. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986; Ашара ашьҭыбжь. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1989; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Алегендақәа. Аҟәа, 1996; Ахҟа. Ароман. Ҩ-шәҟәыкны. Аҟәа, 2003; Аххьаа рахәыцқәа. Ажәеинраалақәа. (2001-2005). Аҟәа, 2006; Иҩымҭақәа реизга: Х-томкны. Аҟәа, 2008-2009; Амзаҭәымҭа. Ажәеинраалақәеи абалладақәеи. Аҟәа, 2011; Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәеи алакәқәеи. Аҟәа, 2013; Тур ихәаа ражәабжьқәа. Аҟәа, 2013; урысшәала аиҭагақәа: Раздумья. Стихи. Сухуми. 1984.