Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Сақаниа Гәында Валентин-иҧҳа



Сақаниа Гәында Валентин-иҧҳа (25.02.1966, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа) – апоет, аиҭагаҩ. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (1997), Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә премиа ланашьоуп  (2010, ажәеинраалақәа реизга «Саҭанеи лашәа» азы). Дыҩуеит аҧсышәала.

 И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол даналга (1981), дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт.

1989-1992 шш. раан  аус луан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы консультантс. Ашьҭахь  Аҧсны Жәлар Реизара аҟны еиҭагаҩс, аҧсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҟны азанааҭдырҩы хадас дыҟан. Аамҭакала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудентцәа алитература акурс ҷыда дырзаҧхьоит.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1978 ш. инаркны. Лажәеинраалақәа, Аҧсны апериодикатә кьыҧхь аҟны еиҧш, анҭыҵ, аурысшәахь еиҭаганы  иркьыҧхьхьеит. Лҩымҭақәа рнылахьеит ажурналқәа: «Алашара», «Абаза»,  «Литературная Кабардино-Балкария», ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло аҭыжьымҭақәа «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва), иара убас аизгақәа «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа, Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи. (Аҟәа – Сухум), 1995. Лҩымҭақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа» ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭлыжьхьеит.

Лажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыс, англыз, аиталиа, асерб, аҭырқәа, адыга, ауаҧс уҳәа абызшәақәа рахь.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала:Аҧшқарах. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985;  Анана- Гәында. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988);  Аматанеира. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2001;  Ахьыцәыкәбар. Ажәеинраалақәа. 2003;  Саҭанеи лашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008;  Акәиц еимхәыцқәа. Ацуфарақәа ахәыҷқәа рзы. . Аҟәа, 2009;  Ахьҩеижь. Ацуфарақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2009; Ахьыҧшьа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009;  Ҳаицыҧхьаӡап. Ахәыҷқәа ирызку аҧхьаӡаразы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2010; Адауы дышҷынҷахаз, аҷынҷа  дышдоухаз. Ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалоу алакәқәа. Аҟәа, 2013; Аҧслымӡ сааҭ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014.