Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Шьынқәба Баграт Уасил-иҧа



Шьынқәба Баграт Уасил-иҧа (12.05.1917, Аҧсны, иахьатәи Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа, – 25.02.2004, Аҟәа ақалақь) – апоет, апрозаик, аҵарауаҩ-лингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1945). Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик (1997). Аҧсны жәлар рпоет (1967), Ҟабарда-Балкартәылеи (1990) Адыгатәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа (1988). Ианашьоуп Ленин иорден (1966), Алитература азы – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (1967, ароман «Ахра ашәа» азы), Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи ССР Аҳәынҭқарратә премиа, «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡара. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Ҷлоу ақыҭантәи алагарҭатә школ дҭан (1926-1928), нас - Џьгьарда ақыҭантәи быжь-шықәсатәи ашкол (1930 ш. инаркны). Дрылгеит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум (1935), А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша (1939), Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәадырра аинститут аспирантура (1944). Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анҵысы Аҧсныҟа дхынҳәит, 1943 ш. азынӡагьы рҵаҩыс аус иуан, анаҩс – агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы, Н. И. Марр ихьӡ зхыз абызшәеи аҭоурыхи Аҧснытәи рыҭҵаарадырратә институт аҟны. 1943-1944 шш. раан иҵара иациҵон Қарҭ, абызшәадырра аинститут аҟны.

1947 ш. февраль 25 рзы Б. У. Шьынқәба, Гь. А. Ӡиӡариа, К. С. Шьаҟрыл ашәҟәы дәықәырҵеит ВКП(б) Ацентр Комитет (Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ А. А. Кузнецов ихьӡала) ашҟа, уаҟа иаахтны иадырбеит аҧсуа жәлар рзинқәа реилагареи ркультура аицакреи шымҩаҧысуаз. Б. Шьынқәба дналаҵаны ашәҟәы авторцәа ирышьклаҧшуа иалагеит, ашәҟәыҩҩы усҟан дызлеиқәхаз џьашьахәуп.

1954-1958 шш. раан Б. Шьынқәба Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахантәаҩын, 1958-1979 шш. рзы – Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс дыҟан. 1959, 1978, 1984 шш. раан СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырххьан, 1989 ш. - СССР жәлар рдепутатс. 10-шықәса инареиҳаны Аҧсны Аминистрцәа Рсовет Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа дахантәаҩын. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ашьҭахь акыр шықәса хадара азиуан Аҧсны Ахада иҟны иҟаз Ауаажәларратә совет.

Дышхәыҷыз жәлар рҿаҧыц рҿиамҭақәа дрызҿлымҳахеит, иара убас раҧхьатәи аҧсуа поетцәеи апрозаикцәеи – Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, С. И. Ҷанба уҳәа рҩымҭақәа. Дышнеи-шнеиуаз уи иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, ибалладақәеи жәпакы шьаҭас ироуит афольклортә сиужетқәа.

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит акыр заа. Раҧхьатәи иажәеинраалақәа ируакуп 1935 ш. ажурнал «Аҧсны ҟаҧшь» ианылаз «Ахаҵара». Уи нахыс иҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Абаза», «Аҟәа-Сухум», «Дружба народов», «Новый мир», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», «Сабҷоҭа Аҧхазеҭи», «Республика Абхазия», «Сухум вечерний», «Абхазия» (Москватәи аҭыжьымҭа), «Еҵәаџьаа», «Нарҭ», «Федерация», «Литературная Россия», «Литературная газета»; аизгақәа: «Литературная Абхазия», «Ерцахә»; ашәҟәқәа: Памятник нам сыновей не заменит… Ажәеинраалақәеи ашәақәеи» (Аҟәа, 1994), «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа-Сухум, 1995); «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва 2009). 1938 ш. Аҟәа иҭыҵит раҧхьатәи иажәеинраалақәа реизга «Раҧхьатәи ашәақәа».

1940-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи – 1960-тәи ашықәсқәеи раан апоет иаҧиҵоит ажәеинраалақәа: «Амҳаџьыраа ргарашәа» (1940), «Апартизан» (1942), «Сыҧшалас» (1958), «Аӡынтәи ашьыжь» (1959) уҳәа егьырҭгьы; абалладақәа: «Ахәыҷра» (1940), «Аҿырпын» (1947), «Риҵа» (1948), апоема «Иаирума» (1960), аҧсуа литература аклассика акәны иагьыҟалеит. Арҭ ашықәсқәа раан Б. Шьынқәба иҽҧишәоит апоезиа аепикатә форма дуқәа рҟны, иҩуеит апоема «Аҳәачаҧа», иажәеинраалоу ароманқәа «Аҿатә уаа», «Ахра ашәа».  Иажәеинраалақәа «Амҳаџьыраа ргарашәа», «Апартизан», «Сыҧшалас», «Кофта шкәакәа зшәу» уҳәа ирылхны иаҧҵан ашәақәа, лассы-лассы урҭ жәлар рашәақәа ракәнгьы ирыдыркылоит.

1960-тәи ашықәсқәа раан Б. Шьынқәба дырзыхынҳәуеит алирикатә жәеинраалақәа, аурыс, ақырҭуа, европатәи апоезиа уҳәа рҟнытә аиҭагара инапы алакын. Апоет апрозаҿы раҧхьатәи ишьаҿақәа ҟаиҵоит. Раҧхьатәи ипрозатә ҩымҭа – аповест «Чанҭа дааит» анылеит ажурнал «Алашара» 1969 шықәсазы (№4). Абри ашықәс азы уи еиҭаган аурысшәахь, Е. Герасимов ибзоурала, егькьыҧхьын ажурнал «Новыи мир» (№6) аҟны. Уи нахыс Б. Шьынқәба иҩуеит ароман «Ацынҵәарах», раҧхьаӡа акәны ианылеит ажурнал «Алашара» (№1-8) 1974 шықәсазы; хазы шәҟәны иҭыжьын уи ашықәс анҵәамҭазы.

Ироман «Ахаҳә еиҩса» актәи ашәҟәы иҩит 1979-1981 шш. раан, егькьыҧхьын ажурнал «Алашара» (1982 ш., (№4,5,6,7) аҟны, хазы шәҟәны иҭыҵит 1983 шықәсазы. Хаара имгакәа аурысшәахь еиҭеигеит И. Бехтерев, егьҭнажьит аҭыжьырҭа «Советский писатель» (М.,1986). Аҩбатәи ашәҟәы аҩра далагеит 1987 шықәсазы, егьхиркәшеит 1991 ш. маи мзазы. Аҵыхәтәантәи авариант кьыҧхьуп Б. Шьынқәба иҩымҭақәа реизга 4-тәи атом аҟны (1998). Б. Шьынқәба иҩымҭақәа реиҳарак (ажәеинраалақәа, апоемақәа, абалладақәа, ароманқәа, аповест) аурысшәахь еиҭагоуп (еиҭаргеит И. Козловски, С. Липкин, Р. Козакова, А. Межиров, И. Неиман, Л. Длигач, Д. Голубков, В. Луговскои, В. Потапова, В. Державин, Р. Рожденственски, К. Симонов, В. Ахмадулина, С. Куниаев, Л. Мигдалова, Е. Балашов, Б. Брик, Л. Озеров, Г. Павловскаиа, Б. Серебриаков, М. Луконин, Е. Николаевкаиа, И. Кушак, Евг. Евтушенко, М. Алигер, Евг. Герасимов, И. Бехтерев, Д. Чачхалиа уҳәа егьырҭгьы), иҩымҭақәа жәпакы (еиҳаракгьы «Ацынҵәарах») еиҭагоуп адунеи акыр абызшәақәа рахь.

Б. Шьынқәба авторс дрымоуп иара убас аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы, урҭ рызкуп аҧсуа бызшәеи, афольклори, аетнографиеи. Еиқәиршәеит афольклортә текстқәа реизга, урҭ иреиуоуп: «Абхазские сказания» (аурысшәахь еиҭеигеит С. И. Липкин, Аҟәа, 1961), «Нарҭ Сасрыҟәеи ҧшьынҩажәи зеижәҩык иашьцәеи рыхҭысқәа» (еиқәдыршәеит Ш. Д. Инал-иҧеи, К. С. Шьаҟрыли, иареи); аурысшәахь еиҭаргеит Г. Гәлиа, В. Солоухин; Аҟәа, 1988), «Ахьырҵәаҵәа; Аҧсуа жәлар рҿаҧыц ҳәамҭақәеи аетнографиатә материалқәеи» (Аҟәа, 1990) уҳәа егьырҭгьы.

Б. Шьынқәба деицырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Уи аҧсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин, М. И. Лермонтов, Н. А. Некрасов, Џь. Баирон, И. В. Гиоте, Ш. Бодлер, П. Верлен, Ш. Петефи, Ш. М. Бараташвили, А. Р. Ҵереҭели, Г. В. Табиӡе ражәеинраалақәа, Ш. Русҭавели ипоема «Абжьас-цәа зшәу» ацыҧҵәахақәа уҳәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Раҧхьатәи ашәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1938; Аҳәачаҧа. Аҟәа, 1943; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1948; Аҿатә-уаа. Иажәеинраалоу ароман (Альманах. Аҟәа, 1951, №2. (2-тәи аҭыжьымҭа – Аҟәа, 1955; инхарҭәаау авариант – Аҟәа, 1963); Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1956; Иаирума. Амшәкәашара. (Ахәыҷқәа рзы апоема). Аҟәа, 1961; Аҧхын. Аҟәа, 1962; Ахра ашәа. Иажәеинраалоу ароман. Аҟәа, 1965; Иалкаау иҩымҭақәа: 2-томкны. Аҟәа, 1967-1968; Ацынҵәарах. Аҭоурыхтә роман: 3-шәҟәыкны. Аҟәа, 1974; Ажәа. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи. Аҟәа, 1975; Иҩымҭақәа реизга. 3-томкны. Аҟәа, 1977-1979; Ахаҳә еиҩса. Ароман. Аҟәа, 1983; Аӡыхь. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи. Аҟәа, 1985; Ааҧынтәи ашәахәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986; Иҩымҭақәа реизга: 4-томкны. Аҟәа, 1987-1988; Иҩымҭақәа реизга. 5-тәи атом. Иацы. Иахьа. Уаҵәы. Ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, астатиақәа, ақәгыларақәа (Аҧсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 2003; Иҩымҭақәа реизга. 6-тәи атом. Есымшааира ашьха схалоит: Ажәеинраалақәа, аҭҵаамҭақәа, ақәгыларақәа. (Аҧсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 2008; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988. (Асериа «Иалкаау аҧсуа лирика» ала); аурысшәахь аиҭагақәа: Мои земляки. Роман в стихах. М., 1953. (аиҭаҭыжьра - Қарҭ, 1958; М., 1967); Стихотворения (и поэмы «Домой». – «Песня о скале» ацыҧҵәаха). М., 1959; Сыновний долг. Стихи. М., 1962; Где бы я ни был… Стихи. Тбилиси, 1963; Медвежья пляска. Сказка (в стихах). Для младшего школьного возраста). М., 1963; Песня о скале. М., 1967; Стихи и баллады. Сухуми, 1971; Избранное. М., 1976; Последний из ушедших. Роман. 1976; (переиздания – М., 1978, 1979); Сухуми, 1985; Избранные произведения; в 2 томах. М., 1982; Рассеченный камень. Роман. М., 1986; Мое дерево. Стихи. М., 1987; Праздник большой семьи. Стихи. (Для младшего школьного возраста). М., 1987; Проза. Романы, повесть. М., 1988; Сказка о капризном козленке. Стихи и сказки (в стихах).  (Для младшего школьного возраста). М., 1989; Последний из ушедших. Романы. Повести. Нальчик, 1994; Избранные произведения: в 2-х томах. Сухум, 2011; украин бызшәала: Аӡыс гәымшәа. Ашколқәра иаҵанакуа рзы алакә. Киев, 1967: Ацынҵәарах. Ароман. Киев, 1983; ҟабарда бызшәала: Ацынҵәарах. Ароман. Нальчик, 1989; ҟазах бызшәала: Ацынҵәарах. Ароман. Алма-Ата, 1981; англыз бызшәала: Ацынҵәарах. (Аҭоурыхтә роман). Москва, 1986; немец бызшәала: Ацынҵәарах. Аҭоурыхтә роман. Берлин, 1981; ҭырқәшәала: Ацынҵәарах. Аҭоурыхтә роман. Сҭампыл, 1990; қырҭшәала: Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Қарҭ, 1969; араб бызшәала: Ацынҵәарах. Амман, 1987.