Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Тапаӷәуа Џьота Константин-иҧа



Тапаӷәуа Џьота  Константин-иҧа (20.09. 1924, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 01.05.2013) – аҧсуа хәыҷтәы поет, апрозаик, аиҭагаҩ. Апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1978). Аҧсни (1966) Қырҭтәылеи (1975) зҽаҧсазтәыз арҵаҩы. СССР-и (1959) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Ианашьоуп СССР аибашьратә орденқәеи амедалқәеи, насгьы Н.К. Крупскаиа лыхьӡ зху амедал (1985) уҳәа егьырҭгьы. Дыҩуан аҧсышәала.

1939ш. Кәтолтәи ихарҭәаам абжьаратәи ашкол даналга дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа, аха аҩбатәи акурс аҟны дыштәаз афронт ахь дцоит. Аибашьра анеилга иҵара наигӡоит. Рҵаҩыс аусра далагоит Кәтолтәи ашкол аҟны. 1953ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт дҭалоит, дагьалгоит 1957 шықәсазы. Аусра хациркуеит ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿ, уи нахыс – Аҟәатәи аҧсуа школ арҵаҩыс дыҟан. Аамҭақәак рышьҭахь Аҧсны аҵара аминистрра аҧсуа бызшәеи алитературеи рзы аинспекторс диаргоит. 1992ш. инаркны атәанчара ашҟа диасуеит, аха 2004ш. азынӡа арҵаҩцәа реиҭазыҟаҵара аҧсуа институт аҟны аус иуан.

Џь.Тапаӷәуа илагала бзиа ыҟоуп аҧсуа педагогика аусхк аҟны. Алагарҭатә классқәа рзы аҧсуа литература ахрестоматиақәа жәпакы еиқәиршәеит, иара убас арҵагашәҟәқәеи, апрограммақәеи, аметодикатә цхыраагӡақәеи уҳәа авторс дрымоуп. Уахь иалоуп: «Аҭаацәараҿы ахәыҷқәа рааӡара азҵаарақәа» (1962), «Аҳамҭа. Ашколқәра азынӡатәи ахәыҷқәа рзы» (1964), «Адиктантқәа реизга. Алагарҭатә классқәа рзы (1972), «Аиҭаҳәақәа рыҩразы астатиақәа реизга» 1-3,4-8 аклассқәа рзы» (1972, 1973) уҳәа егьырҭгьы.

Џь.Тапаӷәуа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 1943 шықәсазы, афронт аҟны даныҟаз, убасҟан акьыҧхьгьы абеит иан илзааиҭиз раҧхьатәи иажәеинраала. «Ан лахь асалам шәҟәы». 1957ш. инаркны иҩымҭақәа лассы-лассы ирнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа ргәылоуп аизга «Ахаҵарашәа» (Аҟәа, 1980), «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Жәохә инареиҳаны ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа реизгақәа дравторуп.

Џь.Тапаӷәуа иажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыси ақырҭуеи бызшәақәа рахь, хазы шәҟәқәангьы иҭыжьын. Џь.Тапаӷәуа аҧсшәахь еиҭеигеит С.И.Маршак, К.И. Чуковски, А.Л. Барто, О.Т. Туманиан, С.Б. Капутикиан, И.Г. Ҷавҷаваӡе уҳәа рырҿиамҭақәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҧхьатәи ашьаҿа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1958; Иҷырҷыруеит ажәҵыс». Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1961; Аҳамҭа. Ашколқәра аҟынӡа имнаӡац ахәыҷқәа рзы. Актәи аҭыжьра. Аҟәа, 1964; Арҵу-каҧа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1966; Арбаӷь ҧагьа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1970; Кәадац имархәац. Аҟәа, 1973; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Сареи саҳәшьа хәыҷи. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа 1979; Адеи анбани. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1982; Сара бзиа избоит ашьыжь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Иухоумыршҭын… Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1986; Иахьа мҽышоуп. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988; Сҩызцәа хәыҷқәа шәахь. Аҟәа, 1990; Схәыҷ баҳча. Ажәеинраалақәа ашколқәра иаҵанамкыц рзы. Аҟәа, 2002; Иалкаау. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2004; Иҩымҭақәа. Актәи атом. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 2010; Аҩбатәи атом. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014; аурысшәахь аиҭагақәа: Люблю я утро. Стихи. Сухуми, 1976; Мы любим родную Абхазию. Сборник песен для детей. М., 1986; Джигитовка. Стихи для детей младшего школьного возраста. Черкесск, 1996; Кама и Чама. Стихи для детей дошкольного возраста. Черкесск, 1996.