Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Занҭариа Даур Баӡ-иҧа



Занҭариа Даур Баӡ-иҧа (25.05.1953, Аҧсны, Очамчыра араион Тамшь ақыҭа – 08.08.2001, Москва ақалақь – аҧсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист. СССР-и (1984) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәалеи урысшәалеи.

А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1975), насгьы Москва, акиносценаристцәа Иреиҳау ркурсқәа (В.И.Ежов иҟазарҭа, уи авторс дызмоу афильмқәа иреиуоуп «Баллада о Солдате», и «Белое солнце пустыни» (1984).

1977-1981 шш. раан аус иуан ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы, 1988-1992 шш. рзы – Аҧсны акультура афонд аҟны.

Заа алитература дазҿлымҳахеит, еиҳаракгьы апоезиа. Заатәи иажәеинраалақәа ажурнал «Алашара» (1976, №2) ианылеит. Абри ашыҵәс азы ахәбатәи аномер ианылеит раҧхьатәи иажәабжьқәа руак «Кәасҭа». Уи нахыс икьыҧхьын иҭоурыхтә повестқәеи иажәабжьқәеи: «Хылҵысаа раҳ», Чыу Иакәаҧ иуахҭа», «Адомбеиқәа рышьҭа», «Ашәаҳәаҩ имш». 1970-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 1980-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы иҩит ажәабжьқәа: «Ахышәаҿ итәаз аҭакәажә», «Аӡызлан», «Акамфеҭ ҵла», «Апап Иуана», «Ашьақар рбаӷь», «Абрагь Матута», «Алаапк», «Ашьабсҭа», «Чычиа», «Аб иныҳәа». «Бабаду Мзалеии Аамҭа амашьынеи», «Амзымуаа» уҳәа егьырҭгьы; аповестқәа: «Аҽацә лас», «Феохарис», «Асувенир». Ажәабжь «Асувенир» шьаҭас иныҟаҵаны Д.Занҭариа иҩит акиносценариа («Қырҭтәыла-фильф», 1985; арежиссиор В.Аблоҭиа). Авторс дрымоуп иара убас афильмқәа рзы асценариақәа « Серебряная улица» (Қырҭтәыла-фильм), 1983; арежиссиор Д. Нацвлишвили), насгьы  «Гроб на заказ».

Иҩымҭақәа маҷымкәа ихаҭа аурысшәахь еиҭеигеит: урҭ рыхәҭак Москвеи Аҟәеи икьыҧхьын: «Енджи-Ханум, обойденная счастьем» – альманах «Литературная Абхазия». Аҟәа, 1991. №1; Ажурнал «Новый мир» 1994, №3; «Судьба Чу Иакуба» – «Новый мир». 1993. №7; «Адзызлан» – ашәҟәы «Абхазские сказки и легенды». М., 1994.

Д.Занҭариа 1996 ш. Москваҟа диасит. Араҟа аус иуан агазеҭ «Россия» ахҳәааҟаҵаҩыс, ажурнал «Эксперт» акорреспондентс. Арҭ аҭыжьымҭақәа, иара убас ажурналқәа «Россия», «Педагогический колейдоскоп», «Общая газета», «Хасе», «Литературные новости» уҳәа рҟны икьыҧхьын афилософиатә-гәазыҳәаратә ессе, астатиақәа. Урҭ рызкын Кавказ ҳаамҭазтәи апроблемақәеи, Нхыҵ-Кавкази Аҧсни рҭагылазаашьа, амилаҭбжьаратә еимакқәа.

Убри аамҭазы иажәабжьқәа, иповестқәа, иажәеинраалақәа ркьыҧхьуан Аҧсни Урыстәылеи иҭыҵуаз агазеҭқәеи ажурналқәеи («Эхо Абхазии», «Литературная газета», «Общая газета», «Новая газета», «Россия», «Дружба народов», «Знамя», «Новый мир», «Сельская молодежь», «Абаза» уҳәа).  Урысшәала иҩит ароман «Золотое колесо». Уи анылеит ажурнал «Знамя» 1977 шықәсазы. (№3-4), Хазы шәҟәны иҭыжьын Москва (1998).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҧшаҳәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1981; Нар улбааит. Ажәабжьқәа. Аҟәа 1984; Аҽацә лас. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1988; Аҷныш. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009; Ашьанҵа-уаҩ. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 2010; Аизга. Ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа. Аҟәа, 2013; аурысшәала: Золотое кольцо. Ароман. М., (1998); Колхидский странник. Роман, повести, рассказы. Екатеринбург, 2002; Мир за игольным ушком. (Поэзия. Проза. Публицистика. Дневники). Сухум, 2007; Собрание. Стихотворения, рассказы, повести, роман, публицистика, из дневников. Сухум, 2013.