Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Агәмаа Қьаазым Ҟараман-иҧа



Агәмаа Қьаазым Ҟараман-иҧа (01.05.1915, иахьатәи Очамчыра араион Ӷәада ақыҭа – 08.12.1950) – аҧсуа поет, апрозаик. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Ӷәадатәи ихарҭәаам абжьаратә школ аҟны, ашьҭахь Џьгардатәи ихарҭәаам ашкол аҿы (1927-1929). Аҟәатәи арҵаҩратә техникум дҭан (1929-1932). Москватәи ажурналистикатә инстиут аҿы аҵара иҵон (1932-1934). 1937 ш. далгеит Калининградтәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. Аҧсныҟа даныхынҳә рҵаҩыс аус иуан Тҟәарчалтәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1938 ш. инаркны - агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы. 1940 ш. аррамаҵура ашҟа иҧхьеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Аррамаҵура ахьихигоз архәҭа амацәаз иҭаркит, аха Қь. Агәмаа дызлаз аибашьцәа аӡәырҩы рхы рцәыргеит. Ашьҭахь ашәҟәыҩҩы Белоруссиеи Украинеи абнақәа рҟны апартизанцәа ргәыҧқәа дрылахәны деибашьуан. Ӷәӷәала дхәын. 1944 ш. игәабзиара ануашәшәыраха Аҧсныҟа доужьын. Аҟәа аус иуан аҟазара азы Аилак аҟны, иара убас Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, ашьҭахь агазеҭ «Аҧсны» аредакциаҿы. Ихәрақәа ирыхҟьаны иаамҭамкәа иҧсҭазаара далҵит.

Иҩымҭақәа икьыҧхьуа далагеит 1933 ш. инаркны. 1934 ш. иажәеинраалақәа агәылалеит апоетцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга «Раҧхьатәи ашьаҿақәа». Иажәеинраалақәа рнылон: «Алитературатә журнал», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», ажурнал «Алашара» уҳәа егьырҭгьы. Авторс дрымоуп аҧхьаҩцәа ибзианы ирдыруа иажәеинраалақәа иреиуоу: «Асолҭад иҳаҭгәын», «Асалам шәҟәы Аҟәаҟа», абаллада «Аҿырпын», аповестқәа «Абаандаҩы», ажәабжьқәа «Ан лыбзиабара», «Икамшәаз алаӷырӡ», «Аҧсҭазаара аҟнытә ажәабжьқәа», апиеса «Адгьыл ду» уҳәа.

Қь. Агәмаа аҧсшәахь еиҭеигеит аурыс, аукраин, ақырҭуа классикцәа ражәеинраалақәа, урҭ рхыҧхьӡараҿы иҟоуп А. С. Пушкин, Т. Г. Шевченко, Н. Бараҭашвили, аерманқәа рфырхаҵаратә епос «Давид Сасунтәи» ацыҧҵәахақәа. Иҩит амилаҭтә литературеи аҟазареи ирызку астатиақәеи арецензиақәеи.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1949; Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1955; Ажәеинраалақәа. (Иалкаау аҧсуа лирика» асериала). Аҟәа, 1972; Иалкаау Аҟәа, 1976; Абаандаҩы. Аповест. Аҟәа, 1986; аурысшәахь еиҭаганы: Родная земля (Рассказы, пьеса). Сухум, 1962.