Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аламиа Геннади Шьаликәа-иҧа



Аламиа Геннади Шьаликәа-иҧа (24.07.1949, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа) – аҧсуа поет, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы. «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьоуп. СССР-и (1973) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) дрылоуп. Дыҩуеит аҧсышәала.

И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи актәи абжьаратәи ашкол далгеит (1966), дагьҭалеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет. 1969-1973 шш. раан аҵара иҵон Москва, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәыз А.М.Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны. 1973-1974 шш. рзы Москватәи аобласт Роменское ақалақьтә газеҭ акорреспондентс, ашьҭахь, аҟәша аиҳабыс аус иуан. 1975 ш. Аҟәа, Д.И.Гәлиа Иҩны-музеи аҟәша деиҳабын. 1977-1982 шш. раан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») акорреспондентс, ашьҭахь аҟәша аиҳабыс дыҟан. 1982-1987 шш. рзы ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аҟәша деиҳабын, ашьҭахь аҭакзыҧхықәу маӡаныҟәгаҩын. 1987-1988 шш. ирыҵанакуа аамҭазы А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны аҧсуа литературеи афольклори рзы алекциақәа дрыҧхьон.

1980-тәи ашықәсқәа раан Аҧсны Жәлар рфорум «Аидгылара» аҧҵара аҧшьгаҩцәа дреиуан, 1988 ш. инаркны иаҧиҵеит, редактор хадасгьы даман аҧсышәала иҭыҵуаз афорум агазеҭ «Аидгылара». 1989 ш. инаркны Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рассамблеиа ахада актәи ихаҭыҧуаҩыс дыҟан (ашьҭахь – Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа). Кавказ ашьхаруа жәларқәа реидкылареи Аҧсны амилаҭ-хақәиҭратә қәҧареи рҟны илагала шьардоуп. 1991-1996 шш. рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет – Аҧсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟан. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны ахаҭарнакк иаҳасабала Нхыҵ-Кавказ анапынҵа ҷыда наигӡон. 1993-1994 шш. раан – Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟан. 1994-1996 шш. рзы акәзар, – Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс.

1998-2001 шш. раан ажурнал «Черкесский мир» аредактор хадас даман (иҭыҵуан урысшәалеи англыз бызшәалеи). Аредактор хадас даман иара убас ажурнал «Абаза». Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь напхгара аиҭон Аҧсны жәлар рфорум «Аидгылара». 2002 ш. декабр 12 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс далхын, 2004 ш. апрель мзазы хатәгәаҧхарала имаҵура аанижьит.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1964 ш. инаркны. Иҩымҭақәа рнылон агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны»), ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», иажәеинраалақәа агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009) уҳәа убас егьырҭгьы.

Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәа реизгақәа ҭижьхьеит. Икьыҧхьхьеит астатиақәеи аочеркқәеи жәпакы.

Г. Аламиа иҩымҭақәа еиҭаргахьеит аурыс, англыз, афранцыз, аполиак, аболгар, аерман, араб, аукраин, амолдав уҳәа абызшәақәа рахь.

Аҧсуа бызшәахь еиҭеигахьеит У.Шекспир иҩымҭақәа «Акрал Лир», «Иули Цезар», Кольдерон дела Барк – «Аҧсҭазаара ҧхыӡуп», А.Грибоедов – «Зыхшыҩ зызрыцҳароу» (арҭ аҩымҭақәа С. И. Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылахьеит), А.Пушкин иажәеинраалақәеи илакәқәеи, А.Блок, Гарсиа Лорка, М.Светлов, иара убас ауаҧс поетцәа К.Хетегуров, Д.Алборҭы, адыга поет Н.Н.Багов, абаза поет М.Х.Чкәуту, аерман поет Г.Емин уҳәа рҩымҭақәа.

Г.Аламиа авторс дрымоуп аҧсуа фольклор шьаҭас иаҭаны иҩу Аҧсны Аҳәынҭқарратә гимн ажәақәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Адәы иаҵәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа 1971; Аҧсҭазаара амш. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1976; Амцажәла. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1979; Аҳаҧи ацәашьи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1982; Аҧшьалых. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985; Хара ацара. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1987; Иҟоуп убас амшқәа… Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1987; Иҟоуп убас амшқәа… Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990; Алыҧшаах. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2010; аурысшәахь аиҭагақәа: На рассвете. Стихи. М., 1977; Дорогами ветвей. Стихи. Сухуми,1980; Ореховый ключ. Стихи. М., 1991.