Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Амаршьан Витали Џьота-иҧа



Амаршьан Витали Џьота-иҧа (22.09.1941, Аҧсны, Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа — 24.03.2020) – апоет, апрозаик, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла, ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа (2003) алахәыла. Аҧсны жәлар рпоет. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2015). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи «Ахьӡ-Аҧша» аорден II аҩаӡареи ианашьан. Дыҩуан аҧсышәала.

Акыр заа иаб диҧхеит (1943 ш.). Витали, иара убас иашьцәа еиҵбацәа Валерии Артури рааӡеит рани ран лаҳәшьеи. В. Амаршьан далгеит Џьгьардатәи абжьаратәи ашкол (1959). 1962 ш. нахыс А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны аҵара иҵон. 1965 ш. иҵара ааныжьны А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт дҭалоит. Иҵара хиркәшоит 1970 шықәсазы. Алитинститут аҟны апоетикатә ҟазара амаӡақәа аҵихуан еицырдыруа аурыс поет, алитератураҭҵааҩ С. С. Наровчатов напхгаҩыс дызмаз асеминар аҟны. Аҵара еицырҵон, егьеиҩызцәан иналукааша аурыс поет Иури Кузнецови иареи. Аус иухьеит ажурнал «Алашара» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс, ашьҭахь аредактор хада ихаҭыҧуаҩс, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩс.

В. Амаршьан заа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит. Раҧхьатәи иҩымҭақәа кьыҧхьын 1962 шықәсазы агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аҟны, уи нахыс - ажурнал «Алашара» (№4) аҟны. Раҧхьатәи иажәабжьқәагьы кьыҧхьын «Алашара» адаҟьақәа рҟны (1966). Апоет ҿа ишьақәгылараҿы акырӡа абзоуроуп Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба рырҿиара, иара убас аурыс классикцәа: А. С. Пушкин, М. И. Лермонтов уҳәа рҩымҭақәа. Иҩымҭақәа рнылахьеит иара убас ажурнал «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», агазеҭқәа «Аҧсны», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Правда», «Известия», «Литературная газета», «Литературная Россия» уҳәа. Иҭижьхьеит хыҧхьаӡарарацәала ажәеинраалақәа, апоемақәа, аповестқәа, ароманқәа, аочеркқәа. 20 инареиҳаны ажәеинраалақәеи апрозатә ҩымҭақәеи еидызкыло ишәҟәқәа ҭыҵхьеит.

В. Амаршьан иажәеинраалақәа жәпакы, иҭоурыхтә роман «Аҧсҳа» еиҭагоуп аурыси аҭырқәеи бызшәақәа рахь.

Аҧсшәахь еиҭеигеит В. Н. Соколов, С. С. Наровчатов, З. М. Тхагазитов, И. Ш. Машбаш, К. С.-Г. Џьегуҭанов, Р. Гамзатов ражәеинраалақәа, В.М. Шукшин, Г.Д. Гәлиа, Е.Ф. Басариа ражәабжьқәа, М. Твен ироман «Том Соиер ихҭысқәа» уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Агәеисыбжь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1966; Еиуеиҧшым аҟазшьақәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1967; Сразҟы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Ааҧынтәи ақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1972; Мрагыларахь зхы хоу акәасқьа. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1974; Аигәныҩра. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1975; Амш ахәлара иҳамнахаанӡа. Ароман. Аҟәа, 1981; Ашьхыцқәа ртәыла. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1983; Аччаҧшь. Ажәабжьқәа. Аҟәа. 1986; Схәыҷра аӡынра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1988; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1991; Аҧсҳа. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа, 1994; Уашхәа мақьаҧсыс. Аҭоурыхтә хьӡыртәра. Аҟәа, 1999; Бзиала уаабеит, Том Соиер! Ажәабжьқәа, аиҭагақәа, ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002; Иҩымҭақәа реизга: 6-томкны. Аҟәа, 2005-2010; аурысшәахь аиҭагақәа: Месяц сева. Стихи. М., 1980; Там где люди, там и я . Стихи. Сухуми, 1980; Леон Апсха. Исторический роман. Сухум, 2003; Апсха Леон. Историческии роман. (2-е издание). Сухум, 2012.