Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҟалӷьба Абзагә Ҭаҭархан-иҧа



Аҟалӷьба (Ҟолбаиа) Абзагә Ҭаҭархан-иҧа (27.06.1992, Аҧсны, Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭа) – аҧсуа поет. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2018). Дыҩуеит аҧсышәала.

2010 ш. рзы далгеит Гәҭоуҭатәи абжьаратәи аҧсуа школ №3. Уи ашықәсан дҭалеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет «Аҧсуа бызшәеи алитературеи» азанааҭ ала. Иҵара хиркәшеит 2015 ш. рзы.

2016-2018шш. ран Москва, М.Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны дырхысуан иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа (апоезиа асеминар аҿы). Напхгаҩыс диман ажурнал «Новый мир» аредактор хада, апоет Василевски Андреи Витали-иҧа.

2018ш. раахыс аус Иуеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа литература акафедра арҵаҩыс аус иуеит.

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол данҭаз, 9-10 шықәса анихыҵуаз инаркны. Раҧхьаӡа акьыҧхь рбеит агазеҭ «Аҧсуа университет» адаҟьақәа рҿы 2009ш. рзы. Уи аахыс, Аҧсны иҭыҵуа апериодикатә кьыҧхь аҟны изныкымкәа иажәеинраалақәа рнылахьеит, иаагозар ажурналқәа: «Алашара», «Аҟәа-Сухум», «Аҧсынгьери», агазеҭқәа: «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Бзыҧ», «Агара», «Аамҭа», ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәы «Ашацкыра» рдаҟьақәа рҿы.

2011 ш. рзы далахәын Нхыҵ-Кавказ Владикавказ ақалақь аҟны имҩаҧысуаз ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа аҧшьбатәи реизара, иара убас Москва, ашәҟәыҩҩцәа рыҩны Переделкино, актәи Урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа реизара. Уи иабзоураны иажәеинраалақәа акьыҧхь рбеит ажурналқәа: «День и ночь», «Аврора», «Вестник», «Ваинах»; агазеҭ «Литературная газета».

2015-2017шш. рзы ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рыбжьара ажурнал «Алашара» апремиа даҧсахеит (апоезиа ажанр аҟны).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Афцырҟьа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2013; Амра ақәла. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2018.