Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҟәсба Шамиль Раџь-иҧа



Аҟәсба Шамиль Раџь-иҧа (20.08.914, Аҟәатәи аокруг (Аҧсны) Кәыдрытәи аучачтка – иахьатәи Очамчыра араион Аҭара ақыҭа - 08.1992) – ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ.. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1041-1945) далахәын. Ианашьан «Аџьар Ҟаҧшь» аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден актәи аҩбатәи аҩаӡарақәа, амедалқәа. Дыҩуан аҧсышәала.

Ашкол даналга, аҵара иҵон Зегьеидгылоутәи ақыҭанхамҩатә институт аҿы, аха дук мырҵыкәа усҟантәи Асовет еидгыла акоммунисттә ҿар иҟарҵаз ааҧхьарала, Одесса дцаны арратә ҧрыҩцәа рҵараиурҭа дҭалоит. Иҵара анхиркәша ашьҭахь, днаҧхьан Азиабжьаратәи арратә округ ахь. Аха араҟагь даанымгылаӡеит – Зегьеидгылоутәи арратә-авиациатә академиаҿы акурсқәа дырхыжьны, дрышьҭуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ахь, Аҧсадгьыл ахьчаразы. Аибашьраҿ ихы имырҧхашьеит – иҟәыӷара, игәымшәара, ифырхаҵара ҿырҧшыган напхгара зиҭоз аҧырҩцәа-еибашьцәа ргәыҧ еиднакылоз зегьы рзы. Хаҭала 415-нтә дышьҭыҧрааит, абомбақәа рықәижьуан асовет дгьылҵакыра аанкылан измаз ҳаӷацәа, урҭ ирымаз аиҿкаарақәа. Аибашьраан иааирҧшыз агәымшәаразы, ахымшаҭаразы, иҩызцәа дук мырҵыкәа «Аиха иалху аҧсуа» ҳәа ахьӡ ҷыда ирҭеит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анеилга, Аҧсныҟа даныхынҳә ашьҭахь, аусура далагеит Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы. Уи имаз аҧырратә ҧышәа, аиҿкааратә баҩхатәра абаӷәаза аусзуҩцәа зегьы рзы иҿырҧшыган, пату иқәырҵон, рҵаҩык иаҳасабала ихәаҧшуан. Аха дышқәыҧшшыз аҧсуа сахьаркыратә литературахь изцәырҵыз абзиабара, ицәа иалаз абаҩхатәра – ҭынч ддыртәаӡомызт, иҭахын исахьарку ажәала ихигаз аҧхьаҩ изеиҭеиҳәара, даҽазныкгьы уи агәра ииргарц ҳажәлар ирхыргаз аибашьра арыцҳара дуӡӡақәа шацыз. Арҭ зегь рызхәыцра, ажәабжьқәеи ановеллақәеи рҳәаақәа рҭагӡара, бызшәа беиала раарҧшра ашәҟәыҩҩы днарҧхьеит ажурналқәеи агазеҭқәеи рахь.

Аусура далагеит ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс, нас ихьӡ рҳәеит аредактор хадас. Абарҭ аамҭақәа инадыркны иара ирҿиаратә усура еиҳа амҽхак ҭбаахеит, - иажәабжьқәа рнылеит ажурнал «Алашара», Москва иҭыҵуаз ар ргазеҭ «Советскии воин», ажурнал «Наука и религия» уҳәа егьырҭгьы. Аҧсны хаз шәҟәны иҭыҵит «Арбаӷь ссир», «Иҭабуп, санду» зыхьӡу ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа реизгақәа. Ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа иаарылҳәҳәоит иара дызнысыз амҩа хьанҭа атәы исахьарку ажәала аҧхьаҩ изеиҭазҳәо, аибашьраҿ, аҧсреи абзареи рхықәаҿ дангылаз иара иҭагылазаашьа, аҧсадгьыл ахь имаз абзиабара ҳәаа шамамыз ҳзырбо иажәабжьқәа рышәҟәы «Ашьҭыҧраара».

Арҿиаҩы ибызшәа цқьан, имарианы инеиуан аҧхьаҩ игәаҿы. Убри азын ауп аҧсуа ҧхьаҩцәа бзиа ибаны изрыдыркылаз аҧсшәахь еиҭеигаз аурыс хәыҷтәы шәҟәыҩҩы А.Гаидар иповестқәа «Ҭемыри уи икомандеи», «Адаул асҩы илахьынҵа», Ҳ. Андерсен, В. Катаев, Н. Думбаӡе уҳәа рҩымҭақәагьы. Иаҵаз ахшыҩҵаки аиумори ирыгымхаӡеит аҧсшәахь еиҭеигаз Ф.Искандер иповест «Анапыхьараџь».

Аҭыжьымҭақәа: Аҧсышәала: Ашьҭыҧраара. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1958; Нарҭаа рымца. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1973; Аҵх лахҿых. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1984; Ацҳа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1987; Ажәылара аламҭалаз. Аҟәа, 1991; аурысшәахь аиҭага: Аҵх лахҿых. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1973.