Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҳәба Џьума Виссарион-иҧа



Аҳәба Џьума Виссарион-иҧа (12.03.1937, Аҧсны Очамчыра араион Аҭара ақыҭа – 12.01. 2019, Аҟәа) – ашәҟәыҩҩы, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи (1967) СССР-и Аҧсни ржурналистцәа Реидгылақәеи дрылан. Ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден II аҩаӡара (2009), Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (1989, ироман «Амҩасҩи» апублицистикатә ҩымҭақәеи рзы), ажурнал «Дружба народов» апремиа (1971, аповест «Бзоу» азы). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан. Акыр шықәса инеиҧынкыланы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара далан. Дыҩуан аҧсышәалеи (асахьаркыратә ҩымҭақәеи астатиақәеи) урысшәалеи (астатиақәа).

Ашәҟәыҩҩы данхәыҷыз инаркны аҧсҭазаара ахьанҭарақәа ӷәӷәала ихьысит. 1937 ш. иаб харада ахара идҵаны атроцкист ҳәа дҭаркуеит 10 шықәса иқәҵаны. Ашьауӷа ихигон Архангельск, иара убас адгьылбжьаха Ниандом. Хәышықәса анҵы доурыжьуеит, амала иқәыз аҿҳәара нҵәаанӡа аҩныҟа ахынҳәра азин имамкәа.

1943 ш. Аҭара ақыҭан ашкол дҭалоит. Аха рацәак мырҵыкәа дҭырцоит, «атроцкист иҧа» ҳәа аҽыҧныҳәа изҭаз арҵаҩы «афашист» ҳәа ахьиеиҳәаз азы. Уи нахыс аҵара иҵон Тҟәарчал. Аҧшьбатәи акласс аҟны ақырҭуа школ дақәшәеит, избанзар уи аамҭазы аҧсуа школқәа адыркхьан. Аҵара дҭан иара убас Аҟәатәи (актәи) Лыхнытәи ашколқәа рҟны. 1953 ш. аа-шықәсатәи ашкол далгеит. Анаҩс диасуеит Аҟәатәи ахҧатәи ашкол ахь. 1959 ш. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭа далгеит, 1959-1960 шықәсқәа раан аҵара иҵон А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа сектор аҟны. 1960-1965 шықәсқәа рзы А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны иреиҳау аҵара иоуит.

Иҵара хыркәшаны Аҧсныҟа даныхынҳә корреспондентс аусура далагоит агазеҭ «Советская Абхазия» аредакциаҿы. Икьыҧхьуан хыҧхьаӡарарацәала астатиақәа. Урҭ рызкын аҧсуа культура, алитература, атеатр, аамҭа афырхацәа. 1966-1970 шықәсқәа раан С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр алитературатә хәҭа деиҳабын. 1970-1979 шықәсқәа рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультантс дыҟан. 1979 ш. инаркны иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амш азынӡа ажурнал «Аҧсны аҟазара» (ашьҭахь - «Аҟазара») редактор хадас аус иуан. 1999-2003 шықәсқәа рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитфонд деиҳабын. 1967, 1978, 1989-1993 шықәсқәа раан аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далагылан, ирылукаауаз дреиуан. Аамҭак азы Ассоциациа «Аҧсны аинтеллигенциа» ахадас дыҟан. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) лассы-лассы иара дубон Мрагыларатәи афронт ахырӷәӷәарҭақәа рҟны, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәы шьҭихуан, ахақәиҭразы иқәҧо ажәлар аиааира шырзыҧшу агәра диргон. 1992 ш. декабр азы ақәылаҩцәеи ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәеи реиҿагыларақәа руак аан аӷацәа дрытҟәоит. Акыр ааха зырҭаз ашәҟәыҩҩы азныказ ихдыррагьы ицәыӡит. Мызкы иназынаҧшуа дытҟәаны дрыман. Аӷа инапаҿы иҟаз аҭыҧқәа рҟны ақәылаҩцәа иаадырҧшуаз агыгшәыгра иблала далаҧшит. Иџьашьахәуп дызлеиқәхаз. Еиҭныҧсахрала ашәҟәыҩҩы ихы дақәиҭыртәит. Ажәа азҟаза ихигаз зегьы ашьҭахь инарҭбааны далацәажәоит асахьаркыратәи апублицистикатәи ҩымҭақәа рҟны. Аамҭа хьанҭақәа раан Џь. Аҳәба еснагь зыжәлар ринтересқәа ирзықәҧоз аҵеицәа дреиуан. Ижәлар залымдарала ирызныҟәоз дырҿагылаҩын.

Раҧхьатәи иажәеинраала 1955 ш. иҭыҵыз ажурнал «Алашара» ахҧатәи аномер ианылеит. Уи нахысгьы ажәеинраалақәа иҩуан. 1969 ш. иҭижьит аизга «Ажәеинраалақәа». Аха еиҳараӡак ашәҟәыҩҩы дызлеицырдыруаз ипрозатә ҩымҭақәа рыла ауп.

Ипрозатә ҩымҭақәеи истатиақәеи ркьыҧхьуан ажурнал «Дружба Народов», агазеҭқәа «Литературная Россия», «Литературная Кабардино-Балкария», «Нарт», «Час пик», «Свободная трибуна», Аҧсны акәзар, агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Бзыҧ», Республика Абхазия», «Единение», «Эхо Абхазии», «Абхазия», «Конфедерация» уҳәа рҟны.

 25 инареиҳаны аҧсышәалеи урысшәалеи зҩымҭақәа хазы шәҟәқәаны иҭыҵхьаз ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рҟны иааирҧшуан аҧсуа жәлар ржәытә-рҿатә, рмилаҭ хаҿра, адоуҳатә культура апроблемақәа, ауаҩытәыҩса иҧсихологиа. Аҧхьаҩцәа ирылаҵәахьаз иажәабжьқәа иреиуоуп: «Ҭуӷан», «Ақәаршҩы», «Алабашьа», «Аӡын ҵыҵындра», Амҽыша», «Ирҭииз, ирӷьычыз», аповестқәа: «Бзоу», «Асас», «Аибашьра еилгахьан», «Ақәыџьма ҟьала ахынҳәра», «Ашьхақәа еимаздо ацҳа», ароманқәа: «Асқьала», «Амҩасҩы», «Ахамышҭыхә», иара убас идраматә ҩымҭақәа: «Ес-ииуа ирыциуа», «Ҳашьхақәа рышәшьыра», аҧсуа литературеи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи (1992-1993) ирызку ипублицистикеи. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аделегациа далахәны дцахьан Тунис.

1971 ш. акәзар, А.Аргәыни, М.Мархолиеи, иареи асахьаркыратә-документтә фильм «Кьаразаа рҭоуба» асценари еицырҩит.

Аҧсшәахь еиҭеигеит Р.Тагор, Џь. Лондон, Е.Хемингуеи, А.Чехов, М.Шолохов, Б.Василиев, В.Быков, Ф.Искандер, Х.Ашинов уҳәа ражәабжьқәа. Ихаҭа иҩымҭақәа ракәзар, еиҭагоуп аурыс, аиапон, англыз, аполиак, аиспан, аестон, алатыш, аерман, ақырҭуа бызшәақәа рахь.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҳәынҵәраԥшь асасцәа. Ажәабжьқәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1962; Ақәыршҩы. Ажәабжьқәеи аповестқәеи.–Аҟәа,1964; Аибашьра еилгахьан. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Адра­ма. – Аҟәа, 1968; Ажәеинраалақәа. – Аҟәа, 1969; Ашьхақәа рылԥха. Ажәабжьқәеи адрамеи. Аҟәа, 1971; Ҿамҩак ажәҩан. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1973; Асқьала. Ароман. Актәи ашәҟәы. Аҟәа, 1979; Ахәшҭаара. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Адрама. Аҟәа, 1980; Аӡын аныхароу. Ахәыҷқәа рзы алакәқәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1982; Асқьала. Ароман. Аҩбатәи ашәҟәы. Ажәабжьқәа. Адрама. Аҟәа,1983; Асқьала. Ароман. Ҩ­шәҟәыкны. Аҟәа, 1984; Ахынҳәра. Ажәабжьқәа. Аповестқәа. Адрамақәа. Аҟәа, 1987; Амҩасҩы. Ароман. Аповест. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1988; Аҳақ ашәара. Ажәабжь. Агәалашәарақәа. Астатиқәа адрама. Аҟәа, 1990; Агәашә анҭыҵ. Ажәабжьқәа. Анҵамҭақәа. Аҟәа, 1998; Ахамышҭыхә. Иҟалаҵәҟьаз. Ароман. Аҟәа, 1999; Аҳәынаԥқәа рҳәынҭқар. Алакәқәеи ажәабжьқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2000; Нас иаацәылашеит. Ароман. Адрама. Ажәабжьқәа. Алакәқәа. Апублицистика. Аҟәа, 2006: Аҳәынаԥқәа рҳәынҭқар. Алакә. Аҟәа, 2008. Иҩымҭақәа реизга. Ф-томкны. Аҟәа, 2008-2015; аурысшәахь аиҭагақәа: «Воины уже не было. М., 1968; «Белый огонь». М., 1972; Пристань. Ароман, аповест, Ажәабжьқәа. М., 1985; Благословите нас, горы! М., 1990; Кто бросить камень… Ароман, аповест. М.,1991; Люди и каратели. Гагра, 1993; От родных корней. Аҟәа, 1997; Чтоб далеко пойти… Аҟәа, 2003; Секреты успеха писателя. Аҟәа, 2012.