Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Барцыц Белла Урысҟан-иҧҳа



Барцыц Белла Урысҟан-иҧҳа (23.02.1945, Аҧсны, Гагра араион Бзыҧҭа ақыҭа) – апоет, апублицист. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далалеит (1977), ашьҭахь - Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Россоциациеи (2003) Урыстәыла ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла. «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара ланашьоуп. Дыҩуеит аҧсышәала.

 Бзыҧҭатәи абжьаратәи ашкол даналга (1966) дҭалеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Лҵара хлыркәшеит 1974 шықәсазы. 1986 ш. аусура далагеит Гагратәи арадио «Ицәажәоит Гагра!» аҟны дикторс-корреспондентс. 1996 ш. азынӡа ара лусура иацылҵон.

Б.Барцыц 1971-1983 шш. раан Гагратәи абжьаратәи аҧсуа школ аҟны дырҵаҩын, арадиожурналистикеи арҵаҩы изанааҭи еилалыгӡон.

1984ш. декабр 16 инаркны Гагратәи араионтә газеҭ «Авангард» (ашьҭахь – «Гагра») аҧсышәала аҭыжьра анаҧшьгаха ахатә корреспондентс диаргеит. Ажурналистика амаҵ азылуан 1998 шықәсанӡа. Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1970 шықәсазы.

Лажәеинраалақәа рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Аҟәа-Сухум», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны»), «Еҵәаџьаа».

Раҧхьатәи лышәҟәы «Аӡыхь хәыҷы» акәзар, иҭыҵит 1981 шықәсазы. Уи нахыс, еиуеиҧшым ашықәсқәа раан иҭыжьын лажәеинраалақәеи лпублицистикатә статиақәа реизгақәеи еидызкыло лышәҟәқәа: «Ашьыжь», «Ашьац иаҵәа», «Иҿымцәаз ашәҭыц», «Араҵла анышәҭуа», «Аҧшалас», «Ихәрарӷьагоу Бзыҧ ацҧхьқәа», «Зуазашәа злабашьахаз», «Ԥсоутәи аҵых», «Икыдымшәаз аеҵәа», «Амцажәла абжьы» уҳәа егьырҭгьы… Хазы игоу лыҭҵаарақәа изкуп иналукааша аҧсуа композитор, ахормеистр, Аҧсны жәлар рартист Р. Гәымба. Апоет лажәақәа рыла иаҧҵоуп ашәақәа жәпакы. Лажәеинраалақәа рыхәҭак кьыҧхьуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала, Аӡыхь хәыҷы. Ажәеинраалақәа.  Аҟәа, 1981; Ашьыжь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа; Ашьац иаҵәа. Ажәеинраалақәа.  Аҟәа, 1988; Иҿымшәаз ашәҭыц. Апублицистика. Аҟәа, 1997; Ԥсоутәи аҵх. Апублицистикатә статиақәа реизга. Аҟәа, 2007; Араҵла анышәҭуа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2008; Иҿымцәаз аеҵәа. Апублицистика. Аҟәа, 2010; Аҧшалас. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011; Аизга. Ҩ­томкны. 2015.