Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Басариа Владимир Константин-иҧа



Басариа Владимир Константин-иҧа (05.12.1934, Аҧсны, Очамчыра арион Кәтол ақыҭа (Қьарақьан аҳабла) – 24.12.2021) аҧсуа шәҟәыҩҩы, адраматург. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (1990) ҳәа ахьӡ ихын. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1997), Урыстәыла ажурналистцәа Реидгылеи дрылан. «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара ианашьан. Дыҩуеит аҧсышәала.

Аҵара иҵон Қьарақьантәи ҧшь-классктәи алагарҭатә школ аҟны, аха раҧхьатәи ашықәс азы иҵысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа.

Аибашьра ашьҭахь иҵара иациҵар акәхеит қырҭшәала, избанзар аҧсуа школқәа адыркхьан. Қьарақьантәи ашкол, нас Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол даналга, дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа (далгоит 1957ш.). 1958-1962 шш. рзы А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭан. 1962 ш. нахыс рҵаҩыс аус иуан Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратә школ аҟны. Шықәсык ааҵуаны агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциахь диасуеит. Жәибжь шықәса инеиҧынкыланы аус иуан литературатә усзуҩыс (1962-1967), корреспондентс (1967-1972), аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩс (1972-1976), асовет ргылареи, административтә усбарҭақәеи, атауареикәыршареи  рыҟәша аиҳабыс (1976-1978). Ашьҭахь аредактор еиҳабыс диасит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәыҭыжьырҭа «Алашара» ашҟа, аамҭак азы аредактор хада инапынҵақәа наигӡон.

Алитературатә ҩымҭақәа раҧҵара далагеит 1950-тәи ашықәсқәа раан, Кәтолтәи ашкол аҟны аҵара аниҵоз. Раҧхьатәи иажәабжь акьыҧхь абеит 1955 шықәсазы.

Иҩымҭақәа рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия» «Еҵәаџьаа», еиуеиҧшым аизгақәа.

Ҩеижәа инареиҳаны апрозеи апублицистикеи еидызкыло ашәҟәқәа ҭижьит.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аиқәлацәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1965; Ақәыҧшра. Аповест. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1968; Агалстук ҟаҧшьқәа. Ажәабжь. Аҟәа, 1976; Анаҟә анхыҵуа. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1977; Аҵаа аныҧсасиуа. Аповестқәа. Аҟәа, 1980; Раҧхьатәи асы. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1981; Еҵәаџьаа анылаҟәуа. Ароман. Аҟәа, 1983; Амшәҳәыс-хәмарга.  Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәеи аповести. Аҟәа, 1984; Аца ҟаҧшь. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1986; Ашьҭақәа. Ароман. Аҟәа, 1989; Ашәаҧшь аҧштәы аҧсахуеит. Апроза. Адрама. Аҟәа, 2003; Иҩымҭақәа реизга. Хә-томкны. Актәи атом. Аҟәа, 2006; Иҩымҭақәа реизга. Ҩ-томкны. Актәи атом. Аҟәа, 2009; Аҩбатәи атом. Аҟәа, 2010; Аҧарҧалыкь. Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. Аҟәа, 2010; Чабракаршә. Ахәыҷқәа ирызку апиесақәа. Аҟәа, 2013.