Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Быҭәба Дырмит Иван-иҧа



Быҭәба Дырмит Иван-иҧа (02.02.1951, Аԥсны, Очамчыра араион Аҭара ақыҭа) – 24.03.2022) – ашәҟәыҩҩы, апублицист. Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи (1992) Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2018) рлахәыла. Ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара, амедалқәа «Агәымшәаразы», «Аиааиразы». Дыҩуан аҧсышәалеи (асахьаркыратә ҩымҭақәа) урысшәалеи (аҭоурыхтә публицистика).

Аҵара иҵон Л. Б. Кәыҵниа ихьӡ зху Аҭаратәи ажьаратәи ашкол аҟны, И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол далгеит.

1969-1972 шш. раан Асовет аррамаҵура дахысуан. 1974 ш. инаркны аус иуан Тҟәарчалтәи ақалақьтә нагӡком афинанстә ҟәша аинспекторс. 1980 ш. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит. 1980-1991 шш. раан аус иуан Тҟәарчал ақалақь ауааҧсыра рыбзазаратә маҵура аҟны. 1993 ш. Тҟәарчалтәи араионтә газеҭ «Тҟәарчал абжьы» аредакторс дыҟан. Аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далахәын.

Д. Быҭәба 1996 ш. Аҟәаҟа диасуеит. 1997 ш. Ҷ. М. Џьонуа ихьӡ зху Аҟәатәи 13-тәи абжьаратәи ашкол анапхгаҩыс дарҭоит. 2008 ш. раахыс Аҧсны Арбџьар Мчқәа рмузеи деиҳабуп.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1970-тәи ашықәсқәа инадыркны. Иажәабжьқәеи  ипублицистикатә ҩымҭақәеи рнылон агазеҭ «Тҟәарчал абжьы», ажурнал «Алашара» уҳәа егьырҭ апериодикатә ҭыжьымҭақәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Мрагыларатәи афронт ахроника. Аҟәа, 1996; Мрагыларатәи афронт (2-шәҟәыкны), Аҟәа, 2005; Быҭәаа рхылҵшьҭра. (Аетнографиатә очеркқәа). Аҟәа, 2015; Абырлаш мацәаз. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2016; Амшмыхәла. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа, 2018; Ардимон. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа, 2021; урысшәала: Краткий обзор историографии абхазских войн. Сухум, 2009.