Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Чачхалиа Кьыршьал Шамил-иҧа



Чачхалиа Кьыршьал Шамил-иҧа (25.05.1918, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Ԥақәашь ақыҭа – 04.06.1970) – аҧсуа поет. СССР-и (1956) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Ԥақәашь ақыҭантәи ашкол даналга аҵара иҵон (1937-1938) Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум аҟны. Иҵара анхиркәша иҧшәмаҧҳәыс лакәны иҟалашаз Н.И. Зақараиа аус ахьиуаз ақыҭантәи алагарҭатә школ деиҳабын. Араҟа Нина Иасон-иҧҳа аҧсшәа лҵеит, Кь. Чачхалиа раҧхьатәи иажәеинраалақәа дыззаҧхьазгьы лара лакәын.

Қырҭтәыла амчрақәа аҧсуа школқәа анадыркы, Кь.Чачхалиа иусурҭа ицәыӡуеит. Ақырҭуа бызшәа ибзианы иззымдыруаз изы аусурҭа аҧшаара цәгьан. Н.И. Зақараиа илгәалалыршәон: «Кьыршьал усурҭада данаанха, иӡбеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы аусура далагарц. Уи аҧсышәала иҭыҵуан, аха усҟан анбангьы ақырҭуа графикахь ииаган. Аҟәаҟа дцеит. Апартиа аобком аҟәша аиҳабы диазҵаауеит: «Ақырҭшәа удыруама?». «Мап», – аҭак ҟаиҵеит Кьыршьал. «Ақырҭшәа узымдыруа џьаргьы аусурҭа узыҧшаауам», – ҳәа наиаҳәаны, днаскьаганы доуижьит… Ашьҭахь аусурҭа иҧшааит Тҟәарчал, Аҳәынҭстрах аҟны». («Республика Абхазия». 1991,  №18, 17 октября).

Аамҭақәак Кь. Чачхалиа аус иуан апартиа Тҟәарчалтәи ақалақьтә комитет апартиатә кабинет абиблиотекаҿы.

Ашьҭахь «Қырҭрацәаҧшыхәра» аҟны акадрқәа рыҟәша деиҳабын. 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы, аҧсуа школқәа анаадырт, арҵаҩратә усура дазыхынҳәуеит: аҧсуа бызшәеи алитературеи дирҵон.

1958 ш. Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны иҟоу иреиҳау алитературатә курсқәа дырхысит. Аҵара ициҵон Ч.Т. Аитматов, дрықәшәахьан К.М. Симонов, А.Т. Твардовски уҳәа егьырҭгьы. Аҧсныҟа даныхынҳә, Тҟәарчал, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» ахатә корреспондентс дыҟан.

Иҩымҭақәа икьыҧхьуан 1937 ш. инаркны. Иажәеинраалақәа рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Аҟәа-Сухум», агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия» уҳәа егьырҭгьы. Кь. Чачхалиа иажәеинраалақәа жәпакы агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001;  аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009), «Антологиа абхазской поэзии» (М., 1958).

Кь. Чачхалиа авторс дрымоуп 15 инареиҳаны ажәеинраалақәа реизгақәа. Аханатә (30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа нахыс) Кь. Чачхалиа деицырдырит поет-сатирикны. Д.И. Гәлиа, Л.Б. Лабахәуа рнаҩс, уи илагала маҷымкәа иҟоуп амилаҭтә литератураҿы асатиратә жәеинраала арҿиараҿы. Апоет анырра ирҭеит жәлар рлафтә культура атрадициақәа, иара убас Д.И. Гәлиа, Л.Б. Лабахәуа рсатиратә рҿиамҭақәа.

Апоет исатиратә жәеинраалақәа рҟны иаарҧшуп амцҳәаҩцәа, абжьахәаахәҭыҩцәа, аахәаҩцәа жьаны амал зырҳауа, аҵарҭышагаҩцәа, ачынуаа- абиурократцәа, адемагогцәа, абарбарыҩцәа, аҳәынҭқарратә мазара аҳәынҷаҩцәа, амҵақьақьаҩцәа, ҩ-цәак зхарҧоу, аҭыӡшәаҟаҵаҩцәа, абаҩданцәа, зхашәа хы зымбо амаҵура иашьҭоу, аҩсҭаацәа, аҧсымҭәқәа, зхатәы бызшәа заҭәазымшьо, иааиҧмырҟьаӡакәа арыжәтә зжәуа уҳәа. («Амбакәа иаҳцәигоит иаҳмырбакәа…», «Амагазин №»,  «Тира изы асатира», «Махьал ижәҩахыр», «Аҧхыӡ», «Ашәаҟьа», «Рамадан ичемодан», «Ҷыра иусура», «Хәыта Иуана-иҧа», «Уабаҟоу Гадраҟәа», «Сафыџь исаҧыџь», «Аҧҳәызба леишәацәгьа», «Ажәаҧҟа – ажәа имоуп…», «Ашлиапа», «Адиректор Миха», «Ауаҩ баба», «Бадӷа», «Уҿы еихакы, Ҳаџьгәаҭ», «Аусура иамырхда?», «Еимаркуазеи?», «Аҩыза, ас шҧаҟалоз?», «Кәакәана иаарту ишәҟәы», «Абанкетқәа», «Сеидыҟ мгәацәатыҟ» уҳәа рҟны). Арҭ афырхацәа апоет иааирҧшуеит иажәеинраалақәа-иажәамаанақәа рҟны асимволтә ҟазшьа змоу ахаҿсахьақәа рылагьы: «Ақәыџьма», «Тышәкәа», «Аҽада», «Ацгәи аҳәынаҧи…» уҳәа егьырҭгьы.

1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭа инаркны аҧыжәара ааныркыло иалагеит алирикатә жәеинраалақәа.

Иажәеинраалақәа жәпакы рызкуп еицырдыруа ауаа: «Уи дызусҭада?» (Н. Лакоба изкны), «Д.И. Гәлиа», «Апоет» (Л.Лабахәуа изкны), Миха Лакрба», «Ш. Ҵәыџьба», «Ушәҟәы санаҧхьа» (Т. Аџьба изкны).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1955: Сҳаблаҿы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа.  1956; Амахәҭақәа шәҭит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1958; Ашәа ҿыцқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1960; Ашәҭи ақәыци. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1963; Ахәырбӷьыц. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1967, Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1968; Ааҧынтәи ахәыцрақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1971; Ақьиацәа рымҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1978; Алирика. Аҟәа, 1979; Алирика. Асатира. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1981; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988; аурысшәахь аиҭагақәа: Сердце говорит. Стихи. М., 1959; Спасение. Стихи. М., 1969; Песни рождаются в полночь. Стихи. Сухуми, 1986.