Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Дарсалиа Ӡаӡ Харитон-иҧа



Дарсалиа Ӡаӡ Харитон (Хәанакьа)-иҧа (16.08.1898, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка Гәыҧ ақыҭа – 1977, Аҟәа). Аҧсуа шәҟәыҩҩы, адраматург, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҧхьа аҵара иҵон Гәыҧтәи алагарҭатә школ аҟны. 1914ш. рзы дҭалеит Очамчыратәи иреиҳау алагарҭатә школ. Аха шықәсык ааҵуаны аҵара иахшәаатәыз ахьимоуз аҟнытә иаанижьыр акәхеит. 1916ш. рзы аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә курсқәа рҟны, ашьҭахь арҵаҩратә семинариа (нас – арҵаҩратә техникум) даанахәоит, дагьалгоит 1923ш. рзы. Ҩышықәса рҵаҩыс аус иуан Кәтол ақыҭани Очамчыреи. 1925ш. рзы Тифлистәи аполитехникатә институт дҭалоит. Адырҩашықәсан диасуеит Краснодартәи арҵаҩратә институт ахь. Аха ҩышықәса рышьҭахь игәабзиара ауашәшәырахара инамаданы Аҧсныҟа дхынҳәыр акәхоит.

1928 ш. рзы Аҟәа, агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аредакциаҿы аусура далагоит. 30 шықәса рҟынӡа инеиҧынкыланы агазеҭ аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан, 1937 ш. аамҭала Аҧснытәи аҳәынҭҭыжьырҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс аус аниуаз алаҳамҵозар.

Алитература дазҿлымҳахеит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа данҭаз, Д.Гәлиеи С.Ҷанбеи уа аус аныруаз аамҭазы. Аҧхьа апоезиа ала раҧхьатәи ишьаҿақәа еихигеит. Иажәеинраалақәа «Аҧсны», «Акәҷышь», «Аӷьыч», «Насыҧ имоуп…» раҧхьатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны» адаҟьақәа рҟны икьыҧхьын. Аха хара имгакәа апрозахь диасуеит. Ари агазеҭ аҟны ауп иахьикьыҧхьызгьы раҧхьатәи иажәабжь «Шьцылароуп иҟоу», иара убас истатиа «Ҳанбаҿыхо аҧсуаа?». С.Ҷанба ишьҭахь Ӡ.Дарсалиа аҧсуа драматургиа ауасхыр азышьҭазҵаз иакәны дыҟоуп. 1920 ш. рзы иҩит ақҭк змоу апиеса «Ахаҧыц хьаа», А.Чехов иновелла «Хирургия» амотивқәа рыла. Шықәсқәак рыла иаҧиҵеит даҽа ҩ-пиесак: «Абзиабара – аҧсҭазаара анцәахәы», «Адына». 1925ш. рзы акәзар, иҩит акомедиа «Аныхеи агәҭыхеи». Аҧхьаҩцәа деицгәарҭеит, деицырдырит асоциал-бзазаратә драма «Ажәытәра иагаз» ала. Уи зныкымкәа С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылахьан.

Авторс дрымоуп иара убас аҭоурыхтә, асоциал-бзазаратә ҵакы змоу ажәабжьқәеи аповестқәеи маҷымкәа: иаагозар, «Ауаҩы-шас», «Абзагә», «Хамыжә уҽдыр», «Аидара иаҵаз аҭаҳмада», «Аӡыблара», «Амҳаџьыр Қәабча», «Досу иразҟы», иара убас агәалашәарақәа рышәҟәы «Аҧсҭазаара аҟнытә».

Ашәҟәыҩҩы аҧсшәахь еиҭеигеит А.Пушкин иҩымҭа «Акапитан иҧҳа».

Амилаҭтә литература иналукааша аклассикцәа ируаӡәку Ӡаӡ Дарсалиа ирҿиамҭақәа злаҩу абызшәа цқьоуп, еилыххоуп, ибеиоуп, иаадырҧшуеит ахатәы бызшәа иамоу алшарақәа.

Анышә дамадоуп Аҟәатәи апантеон аҟны.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аныхеи агәҭыхеи. Апиеса қәгыларак – ҩ­-сахьак аманы. Аҟәа, 1929; Ажәытәра иагаз. Адрама ҧшь-­қәгыларак – хә-­сахьак аманы. Аҟәа, 1929; Апиесақәа.  Аҟәа, 1938; Ажәабжьқәеи апиесақәеи. Аҟәа, 1954; Ажәабжьқәеи апиесақәеи. Аҟәа, 1959; Аҧсҭазаара аҟнытә. Агәалашәарақәа. Аҟәа, 1963; Аӡыхь амҵан. Ажәабжьқәеи, апиесеи, ажәаҧҟақәеи, ацуфарақәеи. Аҟәа, «Алашара», 1967; Иалкаау. Ажәабжьқәеи агәалашәарақәеи. Аҟәа, 1970; Аӡыблара. Аповест. Аҟәа, 1973; Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1977; Ажәытәра иагаз. Актәи ашәҟәы. Ажәабжьқәа, апиесақәа, ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981; Аҧсҭазаара аҟынтә. Аҩбатәи ашәҟәы. Аповестқәа, агәалашәарақәа. Аҟәа, 1982; Ауаҩы шас. Ажәабжь. Аҟәа, 1984; Ацәаӷәаҩ. Аповестқәа, ажәабжьқәа, апиеса. Аҟәа, 1988.