Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Демерџь-иҧа Оҭар Сааҭбеи-иҧа



Демерџь-иҧа Оҭар Сааҭбеи-иҧа (1910, Аҧсны, иахьатәи Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭа – 15.05.1939) – аҧсуа поет, апублицист. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Оҭҳаратәи аиҵбыратәи ашкол аҟны (1918 шықәсанӡа), Ԥсырӡха (Афон ҿыц) ҧшь-классктәи ашколи Аҟәатәи аҧсуа школи (1924-1928) рҟны. Шықәсык аҟынӡа аус иуан акомҿареидгыла Гәдоуҭатәи ароионтә комитет аҟны. Ашьҭахь Аҟәатәи арҵаҩратә техникум дҭалоит, аха шықәсык нахыс ичымазара иахҟьаны иҵара аанижьыр акәхоит. 1932 ш. инаркны аус иуан Гагра, асасааирҭа «Жәкәара», «Колхида» рҟны. Ашьҭахь Гагратәи аҧсшьарҭа деиҳабхоит. Амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны дҭахоит.

Раҧхьатәи иажәеинраалақәеи истатиақәеи кьыҧхьын 1925 ш. агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аҟны. Иажәеинраалақәа рнылахьан ажурналқәа «Еҵәаџьаа» (1928), «Алашара», агазеҭ «Еҵәаџьаа» уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ажәеинраалақәеи астатиақәеи. Аҟәа, 1958.