Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Гогәуа Алықьса Ноча-иҧа



Гогәуа Алықьса Ноча-иҧа (15.03.1932, Аҧсны, Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭа (Аџьамҧазра аҳабла) – ашәҟәыҩҩы, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1959), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла,  Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы. Адыгатәи (Ачерқьестәи) Жәларбжьаратәи Академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла, Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет ҳаҭыр зқәу апрофессор. Ианашьоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡара. Дыҩуеит аҧсышәала, лассы-лассы аурысшәала икьыҧхьуеит астатиақәеи аессеқәеи.

Абжьаратәи ашкол даналга аус иуан Тҟәарчалтәи ашахтаусбарҭақәа руак аҟны, ашьҭахь – Тҟәарчалтәи ацентртә рбеиагатә фабрика атехникатә хлаҧшра аҟәшаҿы. 1951 ш. дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет. 1955-1960шш. раан аҵара иҵон Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны. Аус иуан ажурнал «Алашара» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс (1962 ш. инаркны), Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас (1975-1989), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс (1989-1997). Аҧсны жәлар рфорум «Аидгылара» раҧхьатәи ахантәаҩыс дыҟан (1988-1989). Уи акырӡа алнаршеит аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы. 1988-1991 шш. раан СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа дахантәаҩуп. Аҧсуа литература цҳаражәҳәаҩра азиуан Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟны: Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны дыҟан Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа рделегациа даланы (1992): ПЕН-клуб аганахьала ашәҟәыҩҩцәа жәларбжьаратәи рконгрессқәа делегатк иаҳасабала  дрылахәын  Минск (1986), Хельсенки (1988), Москва (2002).

А. Гогәуа даныхәыҷыз инаркны изҳауан жәлар рҳәамҭақәа ахьеиҭарҳәоз аҭаацәараҿы, иаб ажәабжьҳәаҩын, алакәтәи, аепикатәи, абзазаратәи, алирикатәи ҵакы змаз жәлар рҳәамҭақәа бзианы идыруан. Ари аҭагылазаашьа шьахәла ицхрааит ашәҟәыҩҩы ишьақәгылараан, заа ажәа абзиабара иланааӡеит.

Убарҭ ашықәсқәа раан ауп аҩра агәаҳәара аниоуз, асахьаркыратә литература даназҿлымҳахаз. 11 шықәса анихыҵуаз Л. Н. Толстои иҩымҭа «Ҳаџьы-Мураҭ» аҧсышәала аиҭага даҧхьеит. Ари арҿиамҭа ду иаҵоу асахьаркыратә мчхара еиҳагьы ишьақәнарӷәӷәеит ажәа азҟазареи алитературеи рахь иоухьаз абзиабара. Убасҟан ауп раҧхьатәи иажәеинраалақәеи раҧхьатәи иажәабжьқәеи аниҩыз.

Раҧхьаӡа иикьыҧхьыз иажәеинраала «Агеолог» («Аҧсны ҟаҧшь», 1949) ауп. Раҧхьатәи иажәабжьқәа руак  кьыҧхьын 1955 ш. ажурнал «Алашара» №2 аҟны, №4 аҟны акәзар – ианылеит иажәеинраала.

А. Гогәуа авторс дрымоуп хыҧхьаӡарарацәала ажәабжьқәа: «Хаха-хымш ныҟәа ахьыбжьоу», «Асыс-мҟаа», «Быжь-хаҳәк ианырхыс», «Елана», «Олимпиада», «Анана-Гәында лашҭа», «Ашәаџьҳәаҩ», «Абжынҵ-ҵла», «Ашьа цәгьа», «Быӷькаҧсан», «Амра амшын ианӡаало», «Амацәыс агьама», «Анаҟә», «Кодор - Коракс» уҳәа; ароманқәа: «Аӡиас ццакуеит амшын ахь», «Аси амацәыси», «Аҽыкәаҳа», «Асду», «Уаҧхьа игылоу деилургартә иҟалахьан»,  «Асҟак дааигәан, аха дузгәамҭеит», «Ашыцра», аповестқәа: «Ашәуа иеҵәа», «Шьха-ҧшӡа», «Мшәагә Дуи Мшәагә Хәыҷи» «Аӡы агьама», адрамақәа: «Амш-уаара», «Аҿықәан».

А. Гогәуа ирҿиараҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылоит апублицистика. Иочеркқәа, истатиақәа, иессеқәа рызкуп аҧсуа жәлар рхатәы бызшәеи, рҭоурыхи, ркультуреи, еиҳаракгьы – аполитикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи рызҵаарақәа, амилаҭтә литература еиуеиҧшым апроблемақәа. Урҭ  апериодикатә кьыҧхьын ианылеит аҧсышәалеи урысшәалеи хазы иҭыҵыз  ашәҟәқәа рҟны («Аҟәа- Сухум, Сухум – Аҟәа», «Глагол», «Постскриптум»).

Ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Дружба народов», «Студенческий меридиан», «Сельская молодежь», «Советская женщина», Урыстәыла иҭыҵуа егьырҭ аҭыжьымҭақәа маҷымкәа; агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», «Литературная газета» (Москва), «Еҵәаџьаа», «Республика Абхазия»; алитературатә еизгақәа «Ерцахә», «Кавкасиони», «Южный Кавказ» уҳәа егьырҭгьы.

А. Гогәуа иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи еиҭаргахьеит аурысшәеи ҧыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа акыр рбызшәақәеи рахь, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь.

А. Гогәуа аҧсшәахь еиҭеигеит Ф. М. Достоевски («Ацәгьоуреи ахьырхәреи», «Аҵх шкәакәақәа»), А. П. Платонов, К. А. Федин («Аҧсуа жәабжьқәа»), Карло Коллоди («Пиннокио ихҭысқәа») уҳәа рырҿиамҭақәа.

Иҭижьхьеит 30 инареиҳаны ашәҟәқәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп иалкаау аҩымҭақәа еидызкыло хә-томк (2006-2007).

 Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аӡиас ццакуеит амшын ахь. Аповестқәа. Аҟәа, 1958; Ашьацаагага. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1960; Аси амацәыси. Ажәабжьқәеи аповести. Аҟәа, 1963; Аҽыкәаҳа. Ароман. Аҟәа, 1966; Хаха-­хымш ныҟәа ахьыбжьоу. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1968; Шьха-­ԥшӡа. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1971; Мшәагә Хәыҷи Мшәагә Дуи. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1976; Ажәабжьқәа. Аповест. Апиеса. Аҟәа, 1977; Олимпиада. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1979; Аҽыхәа. Ажәабжь.  Аҟәа, 1979; Асҟак дузааигәан, аха дузгәамҭеит. Аповест, ажәабжьқәа, апиеса. Аҟәа,1980; Иалкаау. Ҩ­-шәҟәыкны.Аҟәа, 1982–1983; Асду. Ароман­-рапсодиа. Аҟәа, 1985; Уаԥхьа игылоу деилургартә иҟалахьан. Ажәабжьқәеи аиҭаҳәеи. Аҟәа, 1988; Напбзиа шьапбзиа. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа, 1989; Напбзиа шьапбзиа. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа, 2005; Амра аԥсы шҭаз. Ажәабжьқәеи апублицистикеи. Аҟәа, 2006; Иҩымҭақәа реизга. Хә-­томкны. 2006-2007; Аамҭа ашьҭақәа. Актәи ашәҟәы. Амшынҵақәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2009; Ашыцра. Ароман. Ажәабжьқәа. Ақәгылара. Астатиа. Аҿцәажәара. Аҟәа, 2012; Аҽыкәаҳа. Ароман. Аҟәа, 2013; Аӡиас ццакуеит амшын ахь. Аповест. Аҟәа, 2014; Аӡыжь. Ажәабжьқәа. Апублицистика. Аҟәа, 2015; аурысшәахь аиҭагақәа: Река спешит к морю. Повести и рассказы. М., 1960; Вкус воды. Повести и рассказы. М., 1974; Время оленьего зова. Повести и рассказы. М., 1981; За семью камнями. Повести и рассказы. М., 1984; Дикая азалия. Повести и рассказы. М., 1989; Асду [Большой снег]. Роман-рапсодия. Сухум, 2002; Постскриптум. Статьи. Интервью. Заметки. Сухум, 2008; Произведения. Роман, повести и рассказы: В 2-х томах. Сухум, 2009–2010.