Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Гәыргәлиа Борис Алмасхан-иҧа



Гәыргәлиа Борис Алмасхан-иҧа (20.07.1935, Аҧсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – 01.03.2012) - аҧсуа поет, апрозаик, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1968), Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. СССР-и (1967), Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәалеи (асахьаркыратә ҩымҭақәеи астатиақәеи) урысшәалеи (астатиақәа).

Аҵара иҵон Кәтоли Тамшьи ршколқәа рҟны. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша далгеит (1958), иара убас СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Адунеитә литература аинститут аспирантура (1967), араҟа 1968 ш. егьихьчоит акандидаттә диссератациа «Аҧсуа литератураҿы апоема ажанр: (Ахыҵхырҭақәа, аира, ашьақәгылара)».

1958-1964 шш. раан ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы литературатә усзуҩын. 1968 ш. маи инаркны аус иуан А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (ашьҭахь – Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет) аҟны арҵаҩы еиҳабыс, нас аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра адоцентс (1973 ш. нахыс), абри акафедра аиҳабыс, афилологиатә-педагогигатә факультет адеканс (1972-1974). 1997 ш. март инаркны 2002ш. октиабр азынӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. Б. Гәыргәлиа дреиуоуп Аҟәатәи иаарту аинститут аиҿкааҩцәа, араҟа «Аҧсуара – аҧсуаа ртрадициатә культура» иазкны алекциақәа дрыҧхьон, агуманитартә маҭәарқәа ркафедра напхгара аиҭон.

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол данҭаз. 1952 ш. инаркны иҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», «Республика Абхазия» уҳәа.

Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, хыҧхьаӡарарацәала алитератураҭҵааратәи алитература-критикатәи статиақәеи еидызкыло ашәҟәқәа дравторуп. Аҭҵаарадырратә усумҭақәа рызкуп аҧсуа литература аҭоурыхи, ҳаамҭазтәи апоезиеи, насгьы Д. Гәлиа, М. Аҳашба, А. Лашәриа, Б. Шьынқәба, В. Анқәаб, Г. Гәлиа, Т. Аџьба, М. Лашәриа, К. Герхелиа, Ш. Басариа уҳәа рырҿиара. 2008ш. аҧсышәала иҭижьит «ХIХ ашә. аурыс  литература аҭоурых» алекциақәа ркурс.

Имаҷымкәа икьыҧхьит Аҧсни Ҭырқәтәылеи ианиҵахьаз афольклортә материалқәа. Ахәҭакахьала 2000 ш. иҭыҵит ишәҟәы «Ҭырқәтәылеи Аҧсни инхо аҧсуа жәлар рырҿиамҭа».

Б. Гәыргәлиа дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы, ақырҭшәахьтә аҧсшәахь еиҭеигеит еиҳарак қырҭшәала иҩуаз аҧсуа поет, адраматург, апублицист Гь. Чачба (Шервашиӡе) ирҿиамҭақәа жәпакы, хазы шәҟәны егьҭижьит 1964-1983 шш. раан. Аҧсшәахь еиҭеигеит иара убас Саиаҭ-Нова, И. Нонешвили, М. Поцхишвили, К. Жане уҳәа рҩымҭақәа.

Аҭыжьымҭақәа: ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи реизгақәа аҧсышәала: Анапы разқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1961; Амреи ауааи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1966; Амаҿаҭыҧ. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1970; Амшзырҳага. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974; Ахрақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1978; Адгьыл гәакьа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1980; Аамҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985; Ахьаа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. Аҟәа, 1996; Сыгәҭыхақәа. Қарҭ, 2000; Сылҩаҵә ахьҩеиуа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2003; Иҩымҭақәа. Актәи атом. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2005; Аныҟәашәа. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Астатиақәа.  Аиҭагақәа. Аҟәа, 2009; Иҩымҭақәа. Х-томкны. Актәи атом. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2010; Аҩбатәи атом. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2012; аҭҵаамҭақәеи аизгақәеи: Аҧсуа поема. Аҟәа, 1974; Ажәа  ажәа арҿиоит. Астатиақәа, арецензиақәа, агәалашәарақәа. Аҟәа, 1979; Алитературатә-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1989; Орҳан Ашамба, Ҭиурқьан Ашам-ҧҳа. Ҭырқәтәылатәи аҧсуаа рҿаҧыцтә жәабжь кьаҿқәа. (Ианиҵеит, аус адиулеит, аҧхьажәа иҩит Б. Гәыргәлиа). Аҟәа, 1995; Арҿиаратә хаҿсахьақәа. (арҵагатә цхыраагӡа). Аҟәа, 2004; ХIХ ашәышықәсазтәи аурыс литература аҭоурых. Алекциақәа ркурс. Арҵага цхыраагӡа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҧсуа сектор азы. Аҟәа, 2008; ХIХ ашәышықәса анҵәамҭеи  – ХХ ашәышықәса алагамҭеи раантәи аурыс литература аҭоурых (1917 шықәсанӡа). Арҵагатә цхыраагӡа Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет афилологиатә факультет аҧсуа сектор астудентцәа рзы. Аҟәа, 2010; Ҷиҷико Џьонуа. Арҿиаҩы имҩа уадаҩ. Аҟәа, 2013; аурысшәахь аиҭагақәа: Самшитовая роща. Стихи. Сухуми, 1983; Скалы. Стихи. М., 1985.