Кәарҷиа Заур Гьаргь-иҧа (20.07.1936, Аҧсны, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа – 2008, Аҟәа ақалақь) – аҧсуа поет. Аҧсны ашәҟәыҩҩыцәа Реидгыла алахәыла (1997). Дыҩуан аҧсышәала.
А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1964), нас - Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-иуристтә факультет (латәарада, 1986) далгеит. Аҧсны ашколқәа жәпакы рҟны рҵаҩыс аус иуан. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) далахәын.
Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны. Иҩымҭақәа рнылон: ажурнал «Алашара», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Бзыҧ» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа рыхәҭак агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә. (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).
Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭижьит.
Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ахьышьҭрахь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1978; Аблақәа анеиқәшәо. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Аӡаӡаҳәымҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1987; Ихароу агәыӷрақәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1990; Ахаҵа данхаҵоу… Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1994; Ашьаҿақәа. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәеи аҿари рзы. Аҟәа, 1994; Алхас. Апоема-Ауаз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1995; Аҳақ. Апоема. Аҟәа, 1996; Ахара азааигәахара. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1996; Агәыӷрақәа рымш. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1998; Хырԥашька змам. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2001; Ахәы-ԥшӡа ҳаракыраҿ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002; Иҩымҭақәа реизга. Ԥшь-томкны. Аҟәа, 2005-2008.