Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Кәыҵниа Гәында Сергеи-иҧҳа



Кәыҵниа Гәында Сергеи-иҧҳа (22.03.1965, Аҧсны, Очамчыра араион Аҭара ақыҭа) – аҧсуа поет, аиҭагаҩ. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ланашьоуп (2014, ажәеинраалақәа реизга «Асаркьа нашана» азы). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (1997). Дыҩуеит аҧсышәала.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит (1987). 1987-1992 ш. ш. раан аус луан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аклуб аиҳабыс. 1993-1994 ш. ш. рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҧсуа радио аредакторс дыҟан. 2005 ш. инаркны аҧсуа бызшәа арҿиара Аҳәынҭқарратә фонд деиҳабын. 2017 ш. раахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд деиҳабуп.

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол данҭаз. Лҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа: «Амцабз», «Алашара», «Абаза», «Литературная Кабардино-Балкария», агазеҭқәа: «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета», аизга «Аукцион» (Аҟәа, 1990). Лажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа ХХ ашә.» (Аҟәа - Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009).

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭлыжьхьеит. Аҧсшәахь еиҭалгеит «Аҧсалҭыр» (М., 1997, Г. В. Сақаниеи лареи), «Ахәыҷқәа рзы абиблиа» (Аҟәа, 2001, Т. Аршбеи лареи).

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Агәыкра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,1987; Мшаԥымза. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990; Абзиабара аҭәҳәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1995; Аирыӡ шкәакәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2000; Ҩ-дунеик рыбжьара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2003; Ашарабжьы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2004; Гәырӷьаҿҳәаша. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2009; Аԥсаатә мҩас. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2010; Ампахьшь-шана. Алакә. Аҟәа, 2012; Асаркьа-нашана. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2013.