Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Кәыҵниа Сергеи Андреи-иҧа



Кәыҵниа Сергеи Андреи-иҧа (11.08.1935, Аҧсны, Очамчыра араион Аҭара ақыҭа – 10.10.2019) – аҧсуа шәҟәыҩҩы. Аҧсны акультура зҩаҧсазтәыз аусзуҩы (2013). СССР-и (1981) Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҭаратәи абжьаратәи ашкол далгеит. 1955 ш. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалеит. Аинститут даналга, 1960 ш. инаркны 15 шықәса рҵаҩыс аус иуит Аҧсны еиуеиҧшым ашколқәа рҟны. 1976 ш. нахыс – ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс аусура далагоит, ашьҭахь редактор еиҳабыс диасуеит. 2000-2011 ш.ш. рзы Аҧсны аҵара аминистрра арҵагатә литература аҭыжьра аусбарҭа аредактор хадас дыҟан.

С. Кәыҵниа раҧхьатәи иажәабжь икьыҧхьит 1958 шықәсазы. Иҩымҭақәа рнылон агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», ажурнал «Алашара» уҳәа. 15 шәҟәы инареиҳаны иҭижьит.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Азԥшра. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1968; Гәында-ԥшӡа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1970; Амра аныԥхо. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1972; Аԥышәара. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1977; Аӡыхь аҵхра. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1978; Ашҭа ҭбаа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1979; Абжьынҵ аанда. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1980; Мшыбзиа, сқыҭа!.. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1981; Набжьоутәи ажәабжьқәа. Аҟәа, 1983; Аҩны лаша. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1985; Аҿыҭбжьы. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1987; Насыԥ змоу. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1990; Набжьоутәи ахҭысқәа. Ароман. Аҟәа, 2004; Арина ахеилага, ахыҭҟьа… Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2006; Иҩымҭақәа реизга. Х-томкны. Аҟәа, 2010-2015.