Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Кәыҵниа Шьалуа (Анатол) Васили-иҧа



Кәыҵниа Шьалуа (Анатол) Уасил-иҧа (Аҟәа, 02.05. 1937 – 30. 09. 2021) – ашәҟәыҩҩы, апублицист. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (2012). Дыҩуан аҧсышәала.

Очамчыра араион Аҭара ақыҭантәи абжьаратәи ашкол даналга А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалеит. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус иуан Пицундатәи аҧсшьарҭақәа реидҵа аҟны, иара убас Аҧснытәи аполиграфиатә еидҵараҿы, ашьҭахь Аҭара ақыҭан акультура аҩны деиҳабын.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Мрагыларатәи афронт аҟны, Аӡҩыбжьа, нас Аҭара арратә корреспондентк иаҳасабала аибашьратә хҭысқәа ашәҟәы ианиҵон, ихатә мшынҵа иман.

Алитература абзиабара шьҭикааит дышқәыҧшыз, аҩра дызлалагазгьы ажәеинраалақәа рыла ауп. Раҧхьатәи иҩымҭа 1956 шықәсазы алитературатә журнал «Алашара» ианылеит. Хара имгакәа апрозахь диасуеит. Иажәабжьқәеи иповестқәеи агазеҭ «Аҧсны» («Аҧсны ҟаҧшь»), ажурнал «Алашара» уҳәа апериодикатә кьыҧхь ианылон.

Аҭыжьымҭақәа: Аҧсышәала: Асар рымҩа. Аповест. Аҟәа, 1974; Ачара аҿҳәара. Ажәабжьқәа. Аҟәа,1978; Нанҳәа. Ароман. Актәи ахәҭа. Аҟәа, 2003; Нанҳәа. Ароман. Аҩбатәи ахәҭа. Аҟәа, 2009; Кәыдры аиҩхаатәи аиҭныҧсахлара. Ароман. Аҟәа, 2014.