Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Лабахәуа Леонти Бахәа-иҧа



Лабахәуа Леонти Бахәа-иҧа (26.12.1912, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Река ақыҭа – 1938) – аҧсуа поет. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Рекатәи алагарҭатәи Очамчыратәи быжь-шықәсатәи ашколқәа рҟны. 1928-1932 шш. раан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә техникум дҭан. 1936 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит. Аинститут аҟны ҧшьы-шықәса напхгара зиҭоз алитературатә кружок еиҿикааит. 1938 ш харада ахара идҵаны ддырӡит.

Иҩымҭақәа икьыҧхьуан 1932 ш. инаркны. Иажәеинраалақәеи ипоемақәеи реиҳарак иҧсы анҭаз икьыҧхьын аизга «Раҧхьатәи ашьаҿақәа» (Аҟәа,1934) аҟны. Апоет дандырбаандаҩы нахыс ҩеижәа шықәса рҟынӡа иҩымҭақәа џьаргьы иркьыҧхьӡомызт, уи азы азингьы ыҟамызт. Акьыҧхь зымбацыз иажәеинраалақәагьы рыламкәа иҟаларымызт инапылаҩырақәа аныӡуаз. 1958 ш. раҧхьаӡа хазы шәҟәны иҭыжьын «Иҩымҭақәа». Уи иацын Ш.Д.Инал-иҧа иаҧхьажәа. Абри ашықәс азы В.Микушевич, А.Чивилихин, И.Вронски еиҭаргаз иажәеинраалақәа агәылалеит Москва урысшәала иҭыжьыз «Аҧсуа поезиа антологиа». Иҩымҭақәа рнылон ажурнал «Алашара», икьыҧхьуп «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009) аҟны.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Иҩымҭақәа. Аҟәа,1958; Иҩымҭақәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1980; урысшәала аиҭагақәа: Мое слово. Стихи и поэмы. Сухум, 1984.