Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Лакербаи Иури Асҭамыр-иҧа



Лакербаи Иури Асҭамыр-иҧа (24.06.1934, Урыстәыла, Иваново ақалақь – 2004) – аҧсуа, аурыс поет, акиносценарист, аиҭагаҩ, апублицист. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла (1963), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа (2003) рлахәыла. Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (2004, ишәҟәы «Иалкаау. Ажәеинраалақәа» рзы. М., 2000). Дыҩуан урысшәала.

Ихәыҷреи иқәыҧшреи ихигеит Аҧсны. 1945–1948 шш. раан Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол дҭан. Абжьаратә ҵара хиркәшеит Иваново. Иҭаацәа уахь ииасит ауаа андырӡуаз аамҭа цәгьақәа ирыхҟьаны. 1956 ш. иҭаацәа Аҧсныҟа ихынҳәит. Абаҩрҵәыра Минсктәи аинститут далгеит (1962), иара убас Москва, СССР Аҳәынҭкино иатәыз асценаристцәеи арежиссиорцәеи Иреиҳау ркурсқәа дрылгеит (1967). Иреиҳау аҵараиурҭа данҭаз афехтование азы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ иоуит (1959),  насгьы Белоруссиатәи ССР ажәларқәа Рспартакиада дачемпионхеит, дрылахәын егьырҭ аицлабрақәагьы.

1990–1992 шықәсқәа раан ажурнал «Литературная Абхазия» (Аҟәа) аредактор хадас дыҟан. Аус иуан агазеҭ «Советская Россия» (Москва) аредакциа акорреспондентс, уаҟа икьыҧхьуан Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкыз аматериалқәа. Апоет диеиуан ажәыларқәа ахьымҩаҧысуаз аҭыҧқәа рҟны.

И.Лакербаи иажәеинраалақәа рнылон ажурналқәа: «Юность», «Алашара», «Черкесский мир», «Аҟәа-Сухум», агазеҭқәа «Литературная газета», «Советская Россия», «Советская Абхазия», «Абхазия» уҳәа егьырҭгьы. Ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, аиҭагақәеи, иара убас астатиақәеи, аочеркқәеи, арепортажқәеи реизгақәа жәпакы дравторуп.

И.Лакербаи исценариақәа рыла иҭыхуп афильмқәа хәба: «Сотвори бой» (1967 «Белорусьфильм»), «Могила льва» (1970, Белорусьфильм», «Рыцарь из Княж-городка», (1976, «Ленфильм»; «Путь к медали» (ҩ-сериалк, 1980, «Мосфильми» иапониатәи акиностудиа «Тоеи» еицҭырхыз, «Свидетель» (1992, «Аҧсуафильми» А.П.Довженко ихьӡ зху Киевтәи акиностудиеи еицҭырхыз).

Аҵак ҷыда амоуп «Свидетель» (арежиссиор М. Мархолиа), избанзар ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳазҭагылоу аамҭазынӡа зымҽхазкуа аҟны иаарҧшуп аҧсуа жәлар рфилософиеи, рҭоурыхи, ркультуреи.

И.Лакербаи илагала дууп аҧсуа литература аӡыргараҿы. Аурысшәахь еиҭеигеит Т.Аџьба, Р.Смыр, В.Анқәаб, Н.Ҭарба, Б.Гәыргәлиа, Кә.Герхелиа, П.Бебиа, Г.Аламиа ражәеинралақәа, А.Возба, Н.Кәыҵниа уҳәа рпрозатә ҩымҭақәа.

Аҭыжьымҭақәа: урысшәала: Эхо родных гор. Стихи. Минск, 1962; На лезвии луча Стихи, Минск, 1964; Камни абхазского поля. Стихи. (Перевод с русского на абхазский). Сухуми, 1966; В сторону перевала. Стихи. Минск, 1968; Лабиринт. Стихи. Минск, 1972; Ловчая птица. Книга стихов. М., 1986; Камни абхазского поля. Стихи и поэмы. Сухуми, 1987; Соло для одной струны. Стихи и переводы. Сухуми, 1990; Над заревым холмом. Книга стихов. М., 1995; Избранное. Стихи. М., 2000; Дорогой Леона (Абхазия. 1992–2003 гг.): Очерки, статьи, репортажи. Сухум, 2003.