Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Лакрба Миха Алеқсандр-иҧа



Лакрба Миха Алеқсандр (Аҳмаҭ)-иҧа (19.01.1901, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Гәылрыҧшь араион) Мархьаул ақыҭа – 15.10.1965, Москва ақалақь) – аҧсуа шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрҭҵааҩы. Аҧсны аҟазара зҽаҧсазтәыз аусзуҩы. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1938) Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Асахьаркыратә ҩымҭақәа иҩуан аҧсышәала, астатиақәеи аҭҵаамҭақәеи – урысшәалеи аҧсышәалеи.

Аҵара иҵон Мархьаултәи ауахәаматә школи (1908-1911), Аҟәатәи ашьхаруаа ршколи (1909 - 1912), Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭеи (1913-1918) рҟны. Қарҭтәи аполитехникатә институт аекономика-иуристтә факультет далгеит (1929), иара убас Москва, асценаристцәеи акинорежиссиорцәеи Иреиҳау ркусрқәа (1937). 1921-1925 шш. раан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакторс аус иуан. 1931-1936 шш. рзы акәзар, акиноекспедициа «Восток-кино» даланы дыҟан  Даӷьсҭан, Одесса, Сибра, Урал. Акинофабрика «Восток-кино» ашҟа аусура дрыдыркылеит М. А. Шолохов иҟаиҵаз абжьагарала.

1934 ш. СССР ашәҟәыҩҩцәа актәи реизара ду далахәын.

1941 ш. хатәгәаҧхарала афронт ахь дцоит. Аус иуан адивизиа иатәыз агазеҭ «На штурм врага» аҟны, адивизиа арратә трибунал амаӡаныҟәгаҩ еиҳабыс. Севастополь ахьчара далахәын. Аамҭак азы дрытҟәеит, Днепропетровсктәи алагер аҟны дыҟан, хҩык иҩызцәа дрыцны дыбналеит. Ашьҭахь, ҩаҧхьа Каменка (Днепропетровсктәи аобласт) инаркны Тираспольнӡа ажәыларақәа дрылахәын, афронт агазеҭ «За победу» редакторс даман.

30-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа нахыс Қырҭтәылатәи ССР Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Жәлар ркомиссариати уи «афилиал» Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Жәлар ркомиссариати ишьклаҧшуан. «Меморандум на а/с (антисоветски), буржуазно-нацианалистически настроенных лиц из среды абхазской национальности, проживающих в г. Сухум», зыхьӡыз, Аҧсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Жәлар ркомиссариат (ашьҭахь - Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аминистрра, аҳәынҭқарратә шәарҭадара акомитет) 1945 ш. декабр 4 рзы аҩбатәи аҟәша аиҳабы Убилава еиқәиршәаз имаӡаз адокумент аҟны М. Лакрба дарбоуп асовет мчреи даӷазшәа, аҳратәра анационалист иакәызшәа, насгьы хымҧада иарбан аамсҭа хылҵшьҭра дшеиуаз. Ахара идырҵон «жәлар раӷа Н. Лакоба дирҽхәон» ҳәа, ҳаҭырқәҵарала дихцәажәомызт ҳәа аҩ. Бериа (атеррористтә ҟазшьа аҭаны)…» (Шәахә.: Абхазский архив. ХХ век. Вып. . М., 2002. С. 12-13). Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аматериалқәа рҟны изларбаз ала, М. Лакрба Аҧсны ақырҭуатәра даҿагыланы дықәгылон, иазгәеиҭон аҧсуа бызшәеи амилаҭтә культуреи есааира аныӡаара иаҿуп ҳәа. Ҳәарада, Лакрба дадгыломызт Қәырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр Комитети Аиҳабыреи Аҧсны имҩаҧыргоз ассимилиациатә политика. Ақәымчратә политика иаҿагыланы ақәгылара згәаӷьыз, асовет мчра иаҿагылоу, аконтрреволиуциатә елементқәа, «ажәлар раӷацәа» ҳәа иҧхьаӡаны аҳәынҭшәарҭадара рылаҧш иҵдыршәомызт (ари асиа еиқәаҵәа аҟны иалашәеит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аҧсуа театр актиорцәа, арежиссиорцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа уҳәа:  Д. И. Гәлиа, С. И. Ҷанба, Г. Д. Гәлиа, И. А. Лакрба, Н. А. Лакоба, С. П. Басариа, М. И. Тарнаа, В. М. Маан, Н. Е. Гериа, А. Р. Агрба, Г. З. Шакирбаи уҳәа егьырҭгьы).

М. Лакрба анемеццәа дытҟәаны данрымаз ахҭысгьы ишаарҭахыз рхы иадырхәон. Аҧсны Аҳәынҭшәарҭадара Жәлар ркомиссариат еиднакылоз «агентуратә» материалқәа рышьҭуан Қарҭҟеи Москваҟеи. Ишнеи-шнеиуаз, 1947 ш. М. Лакрба дырбаандаҩын Москва. Абри шьақәнарӷәӷәоит СССР Аҳәынҭшәарҭадара аминистрра ахәбатәи аусбарҭа аҟнытә еиқәыршәоу Имаӡоу ашәҟәы (№56/19762, 1947 ш. август 13-14), Аҧсны Аҳәынҭшәарҭадара аминистр, аинрал-маиор И. Гагуа ихьӡала иҩу ашәҟәы рнапы аҵаҩуп аинрал-леитенант Дроздецки, аподполковник Шумаков). (Шәахә.: Абхазкий архив. ХХ век. Вып. 1. М., 2002. С. 86). М. Лакрба колыматәи алагерқәа рҟны (1947-1955) ихигеит 8-шықәса, ихы дақәиҭыртәит 1955 ш. февраль 5 рзы, дагьыриашан.

М. Лакрба ирҿиаратә усура ахацыркра апублицистикеи апоезиеи ирыдҳәалоуп, аҧхьаҩцәа рахь раҧхьатәи ишьаҿақәа ҟаиҵеит раҧхьатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны» ала, уи аҭыҵра иахьалагаз даараӡа гәацҧыҳәарала иаҧылаз дреиуоуп, зегь рахь ааҧхьара ҟаиҵон ацхыраара арҭаларц. Уи адаҟьақәа рҟны икьыҧхьит астатиақәа 16, ажәеинраалақәа 3. Иҟалап, ибжьаӡыз агазеҭ аномерқәа (1919. №8, 9, 11; 1921. №4/85) рҟны  иҵегьы иҩымҭақәа кьыҧхьызҭгьы. Иажәеинраалақәа рахьтә еицырдырит «Абахҭаҿы», «Дырмит Гәлиа», аҧсуа литература ахьтәы фондгьы иагәылалеит.

М. Лакрба раҧхьатәи ишәҟәы «Апиесақәеи астатиақәеи» ҭыжьын Аҟәа 1956 шықәсазы. Авторс дрымоуп акомедиақәа: «Гьечаа рҵыхәтәа» (1939, иқәыргылан – 1940), «Сабыда игәаҩара» (1940, иқәыргылан – 1941); аҭоурыхтә драма «Данаҟаи» (1946-1947; Аҧсуа драматә театр аҟны иқәыргылан – 1956), ановеллақәа, алибретто, аоперақәа, аопереттақәа, афильмқәа «Тҟәарчал» (1934), «Ҩ-хыҵхырҭак» (1938), «Аҧсны-ишәҭуа атәылаҿацә», «Иӡааҟәрылаз ақалақь аҧшаахқәа» («Диоскуриа») (аҵыхәтәантәи ҩ-фильмк «Грузия-фильм» иҭнахит), алитературатә-музыкатә композициа «Жәлар рҵеи». Адунеи аҟны деицырдырит иновеллақәа рыла, 25 инареиҳаны абызшәақәа рахь еиҭагоуп, иаагозар: англыз, афранцыз, анемец, аполиак, аиспан, араб, акореи бызшәақәа, зныкымкәагьы Аҟәеи Москвеи иҭыжьын.

Аурыси, ақырҭуеи, егьырҭ ашәҟәыҩҩцәеи, М. Лакрбеи арҿиаратә еимадарақәа рыбжьан. Акиносценарист К. Минц дицырхырааны иҩит афильм «Земля и рай» асценариа. Иара иоуп изҩыз Д. Н. Швецов иопера «Изгнанники» (1935), аҧсуа ҧсҭазаара аҟнытә акомпозитор В. Т. Куртиди иоперетта «Ҳаџьараҭ» (1937), А. М. Баланчиваӡе иопера «Мзиа» (1951) рлибреттоқәа.

Авторс дрымоуп иара убас амилаҭтә театр иазку раҧхьатәи аҭҵаамҭа, насгьы аҧсуа жәлар рашәеи жәлар рашәаҳәаҩ-абырг Жана Ачбеи ирызку ашәҟәқәа.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Апиесақәеи аскетчқәеи. Аҟәа, 1956; Аламыс. (Ановеллақәа). Аҟәа, 1959; Иҩымҭақәа реизга: 3-томкны. Актәи, аҩбатәи атомқәа (ахҧатәи атом ҭымҵӡеит). Аҟәа, 1968, 1971; Иҩымҭақәа реизга. 3-томкны. Актәи атом: Ановеллақәа. Аҟәа, 2009; аурысшәахь еиҭаганы: Абхазские новеллы. (Перевел С. Трегуб). М., 1957; Абхазские новеллы. (Перевел С. Трегуб). М., 1961; Аламыс. Абхазские новеллы. (Перевел с абхазского С. Трегуб). М., 1961; С горсткой родной земли. Новеллы. (Перевели с абхазского М. А. Лакербай  и С. Трегуб). М., 1972; Тот, кто убил лань. Новеллы. Сухуми, 1966; Тот, кто убил лань. Новеллы (Перевел с абхазского Х. С. Бгажба). Сухуми, 1982; аҭҵаамҭақәа: Очерки истории абхазского театрального искусства. Сухуми, 1957. 2-е издание, дополнительное – Сухуми, 1962.