Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Наҷҟьебиа Даур Капитон-иҧа



Наҷҟьебиа Даур Капитон-иҧа (24.07.1960, Аҧсны, Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа) – ашәҟәыҩҩы, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. Аҧсны ашәҟәыҩҩыцәа Реидгыла далоуп (1997). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2016; ароман «Аҵх ахықәан» азы). Дыҩуеит аҧсышәалеи урысшәалеи.

К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1 далгеит (1977), иара убас Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афизикатә факультет (1982). 2007-2008 шш. раан аҵара иҵон Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт ҩышықәсатәи Иреиҳау алитературатә курсқәа рҟны. 1983-1984 шш. рзы аус иуан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афизика алабораториа аҟны. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Аҧсуа радио аурыс ҟәша аредактор хадас аус иуан. 1985-1988 шш. раан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс дыҟан. 1998 ш. инаркны Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа аҭакзыҧхықәу маӡаныҟәгаҩуп. 2010 ш. раахыс Аҧҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа деиҳабуп. 2011-2014 шш. раан Аҧсны аҵара аминистрс дыҟан.

2001-2004 шш. рзы аоппозициа иатәыз ауаажәларра-политикатә хеидкыла «Аиҭаира» агазеҭ аредактор хадас дыҟан.

Ажәабжьқәеи астатиақәеи икьыҧхьуеит ажурнал «Алашара» (1989 ш. инаркны), «Колокол-Асаркьал» уҳәа егьырҭ апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны, аизга «Ахаҵарашәа». Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. (1995), ажурнал «Дружба народов» (2014) (Москва). Иажәабжьқәа еиҭагоуп англыз, азербаиџьан, аерман, ақырҭуа уҳәа егьырҭ абызшәақәа рахь.

Аҧсышәала иҭыжьуп иажәабжьқәа реизгақәа, урысшәала иҩу ироман «Берег ночи» еиҭагоуп ақырҭуа, аерман, асерб, аиспан уҳәа абызшәақәа рахь.

Д. Наҷҟьебиа авторс дрымоуп иара убас алитературеи Аҧсны ҳаамҭазтәи аҧсҭазаареи ирызку астатиақәа, урҭ кьыҧхьын Аҧсни Москвеи рпериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1989; Аҵла. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2005; урысшәала: Лицом к лицу. Публицистика. Литературные отклики. Сухум, 2005; Берег ночи. Роман. М., 2007. Аиҭаҭыжьра – Аҟәа, 2009; М., 2012.