Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Папба Маҳинур Ҭуна



Папба Маҳинур (Папа-ҧҳа, мамзаргьы Папҧҳа маҳинур) Ҭуна (20.04.1950, Ҭырқәтәыла, Билеџьықь ақалақь, Алынџьа ақыҭа) - Ҭырқәтәылан аҧсуа культура азааҧсаҩ, ашәҟәыҩҩы, аҭҵааҩы, апублицист, аиҭагаҩ. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2004). Иланашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Илдыруеит аҧсшәа, аҭырқәшәа, осман (ажәытәтәи аҭырқәа бызшәа), англыз бызшәақәа.

Лхылҵшьҭра – Аҧсны, Дали Ҵабали иҭыҵыз иреиуоуп.

Аҩбатәи акласс даналга лҭаацәа Алынџьа ақыҭа ааныжьны ақалақь хәыҷы Ԥазаиери ашҟа нхара ииасит. Лан лыҧсҭазаара даналҵыз лара аҧшьбатәи акласс аҟны дтәан. Уи нахыс Есқьишьеҳир ақалақь иаҵанакуа, Чуқурхисар ақыҭахь диасит (араҟа дынхон лан лаҳәшьа), лҵарагьы иацылҵон. Ашьҭахь арҵаҩратә ҵараиурҭа дҭалеит. Лҵара аныхлыркәша ашьҭахь Сҭамҧылтәи ауниверситет алитературатә факультет аҟны аҵара лҵон. Ҩажәи хҧа шықәса аус луит аҳаиртә компаниа аҟны.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аспирантура дҭан. Омар Беигәаа иҧсҭазаареи ирҿиареи ирызкны адиссертациа азлырхиоит.

Ҭырқәтәылан иаҧылҵеит ашәҟәҭыжьырҭа «Asyayin», уи иҭнажьуан аҧсуааи Кавказ егьырҭ атәылақәеи ирызкыз ашәҟәқәа.

Лырҿиараҿы аҭыҧ ҷыда ааникылоит О. Беигәаа. Жәибжь шықәса лхыҵуан ашәҟәыҩҩи-аҵарауаҩи лареи анеибадырыз, иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзынӡагьы аус ицылуан. Лааҧсара маҷымкәа иадылҵеит Омар иусумҭақәа аҧсшәахь реиҭагара. Авторс дамоуп О. Беигәаа ирҿиара иазку аочерк.

М. Папба Ҭырқәтәылан аҭҵааратәи апропагандатәи усура мҩаҧылгоит. Аҧсуа фольклортә, аетнографиатә материалқәа маҷымкәа еизылгеит. 2005 ш. еиҿылкааит афольклортә ансамбль «Уарада».

Ажурнал «Алашара» ианылеит лажәабжьқәа, аҧсуаа рҭоурыхи ркультуреи ирызку лыстатиақәа. Аҭырқәшәахь еиҭалгеит аҧсуа фольклортә текстқәа, аҧсуа ҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи рыҭҵаарадырратә усумҭақәеи рсахьаркыратә ҩымҭақәеи: «Нарҭ Сасрыҟәеи ҧшьынҩажәи зеижәҩык иашьцәеи», «Аҧсуа жәлар репос», Б. У. Шьынқәба аус адуланы ииҩыз «Абрыскьыл», С. Л. Зыхәба ишәҟәы «Аҧсуа лакәқәа», В. Л. Бигәаа – «Аҧсны аҭоурых», В. Џь. Амаршьан ироман «Аҧсҳа» уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: ҭырқәшәала: Аҧсилиеи Ҵабали. Сҭампыл, 2001; Раҧхьатәи аҭырқәа ҧҳәыс- асахьаҭыхҩы Миҳри Расим (Миушьфиқ) Ачба). Сҭампыл, 2007.