Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Сангәлиа Сандро Ламшьаҵә-иҧа



Сангәлиа Сандро Ламшьаҵә-иҧа (22.02.1911, Аҧсны, Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа – 08.12.1976) – аҧсуа поет, ажурналист. Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Далахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945). Дыҩуан аҧсышәала.

Џьгьарда ақыҭантәи ашкол даналга, дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум, дагьалгоит 1930 шықәсазы. Аусура далагоит Џьгьарда ақыҭа Ахәҵа аҳаблан аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс. 1931 ш. нахыс амилаҭтә газеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аредакциаҿы дрыдыркылоит. Ақыҭа нхамҩа аҟәша деиҳабын. 1937 ш. инаркны агазеҭ «Комсомолец Абхазии» аредакторс аус иуан. 1939 ш. ҩаҧхьа агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциахь дхынҳәуеит. Уи нахыс, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа даналахәыз ашықәсқәа алаҳамҵозар, иҧсҭазаара зегьы амилаҭтә газеҭ амаҵ аура иазикит. 40 шықәса инареиҳаны амилаҭтә журналистика арҿиара инапы алакын.

Аҧсуа радио раҧхьатәи адиктор иакәын, 1932 ш. апрель 30 инаркны арадио аефир аҟны уи ибжьы аҧсышәала азыӡырҩцәа ираҳауан.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анҵысы С.Сангәлиа афронт ахь дцоит. Иоуз ахәра иахҟьаны игәабзиара уашәшәырахеит, убри аҟнытә, аҩныҟа доурыжьуеит. Даныхынҳәгьы ҭынч дымтәеит. Агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы аусура далагеит. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан еиуеиҧшым аҟәшақәа напхгара риҭон.

Данқәыҧшыз инаркны асахьаркыратә литература дазҿлымҳахеит. Ажәеинраалақәа иҩуан. Раҧхьатәи иҩымҭақәа анылеит апоетцәа ҿарацәа ражәеинраалақәа еидызкылоз ашәҟәы. Уи Аҟәа иҭыҵит 1932 шықәсазы, хьӡысгьы иаман «Ажәеинраалақәа». Иажәеинраалақәа ркьыҧхьуан иара убас ажурнал «Алашара», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» рдаҟьақәа рҟны. Иажәеинраалақәа еиҭаганы ианылеит 1958 ш. Москва иҭыҵыз «Антология абхазской поэзии» зыхьӡу ашәҟәы. Иажәеинраалақәа агәылоуп аҧсышәала иҭыҵыз «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьра - 2009).

С.Сангәлиа авторс дрымоуп ажәеинраалақәа реиҧш, ажәабжьқәа, агәалашәарақәа. Ашәҟәыҩҩы, ажурналист ибызшәа цқьан, ҟазарылагьы ихы иаирхәон.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1956; Ахаҵа илаӷырӡ. Ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, агәалашәарақәа. Аҟәа, 1977.