Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Сарециан Артавазд Аик-иҧа



Сарециан Артавазд Аик-иҧа (22.04.1957, Аҧсны, Аҟәа араион Лечкоп ақыҭа) – Аҧсны аерманцәа рдиаспора ахаҭарнак, апоет, ажурналист, апублицист, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы. Ермантәыла аерман шәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1992), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2003), Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара аерман-аҧсуеи культуратәи алитературатәи еимадарақәа рзы (2012),  Ермантәыла аҵара аминистрра Уилиам Сариан имедал имедал « Ахатәы бызшәа ацҳаражәҳәаҩ».

Далгеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зинтә факультет (1983). Рҵаҩыс аус иуан Аҟәатәи аерманцәа ршкол аҟны, 1988 ш. инаркны – Аҟәа араион Лечкоптәи аерманцәа ршкол адиректорс дыҟан, 1994 ш. нахыс – аерман газеҭ «Крунк» аредактор  хада, 1997 ш. раахыс - аерман газеҭ «Амшен» аредактор хада.

1990-тәи ашықәсқәа раан ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ануадаҩыз ақырҭқәа иҟарҵоз ақәымчреи амақаррақәеи ҵыхәаҧҵәара шрымамызгьы, иаҧиҵоит алитература-рккаратә газеҭ «Амшен» (Аҧсны аерманцәа рдиаспора иатәу). Уи актәи аномер ҭыҵит 1991 ш. октиабр 15 рзы. Агазеҭ ианылон Аҧсни, Краснодартәи атәылаҿацәи, Еревани рҟнытә аерманцәа рхаҭарнакцәа ражәеинраалақәеи, ражәабжьқәеи, рстатиақәеи, иара убас аҧсуа поетцәа аӡәырҩы ражәеинраалақәа аерман бызшәахь еиҭаганы.

Ажәеинраалақәа рыҩра иҽазикит ашкол данҭаз. Раҧхьатәи иажәеинраала «Пионер-канч» агазеҭ ианылеит. Ашьҭахь иҩымҭақәа ркьыҧхьуан Аҧсни Ермантәылеи, иара убас аерманцәа ахьынхо аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны иҭыҵуа ажурналқәеи агазеҭқәеи рҟны.

Иҭижьхьеит ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы, урҭ иреиуоуп: «Гәаартыла аиҧылара» (1981), «Амра ҧшьа»» (1989), «Аҧсы цқьа ухазарц» (2001), «Аҧацха» (2002), «Аелегиа ацәырҵрақәа рыла» (2013), «Еилаҧсоу агәҭахәыцрақәа» (2014), «Амшынеиқәатәи ашәахәа» (2014), «Аџьшьаратә дыргақәа рыда… Атыша ахықә аҿы» (2014). 2012 ш. Аҟәа, асериа «Амшен» абиблиотека» ала ерман бызшәалеи урысшәалеи иҭыжьын сахьала еиқәршәоу ашәҟәы «Амшен-20» («Амшен» раҧхьатәи аномер анҭыҵыз аахыс 20 шықәса аҵра иазкны).

А. Сарециан  дырдыруеит иара убас еиҭагаҩны. Аерман бызшәахь еиҭеигеит, егьикьиҧхьит (еиҳарак агазеҭ «Амшен аҟны) аҧсуа жәлар ражәаҧҟақәа, Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Қь. Ҟ.  Агәмаа, Б. У. Шьынқәба, И. К. Ҭарба, Н. З. Ҭарба, А. Н. Џьонуа, Ҷ. М. Џьонуа, А. Е. Лашәриа, Қь. Ш. Чачхалиа, Т. Шь. Аџьба, Б. А. Гәыргәлиа, Т. М. Ҷаниа, В. Џь. Амаршьан, Г. Шь. Аламиа, Р. Ҳ. Смыр, Д. Б. Занҭариа, В. К. Занҭариа, С. З. Лакоба, В. В. Аҧҳазоу, С. А. Агындиа, А. И. Лагәлаа, В. К. Кәакәаскьыр уҳәа ражәеинраалақәа.

А. Сарециан иажәеинраалақәеи иажәабжьқәеи жәпакы аҧсшәахь еиҭагоуп. Урҭ кьыҧхьын ажурнал «Алашара» (2002, №3), агазеҭ «Аҧсны» (2012, №68, сентиабр 5) уҳәа рҟны.