Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Шьаҟрыл Платон Семион-иҧа



Шьаҟрыл Платон Семион-иҧа (14.11.1892, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Гәдоуҭатәи аучастка (иахьатәи Гәдоуҭа араион) Лыхны ақыҭа – 01.03.1959) – аҧсуа рккаҩы, арҵаҩы, ашәҟәыҩҩы, адраматург, аиҭагаҩ. Дыҩуан аҧсышәала.

Ф. Х. Ешба иҟны Лыхнытәи алагарҭатә школ дҭан, ашьҭахь аҵара иҵон Аҟәатәи ашьхаруаа ршкол аҟны. 1908 ш. дҭалеит Гори иҟаз Аахыҵ-кавказтәи арҵаҩратә семинариа, дагьалгеит 1912 шықәсазы.

1912 ш. инаркны напхгара аиҭон Џьырхәатәи класск ала ишьақәгылаз  аҵараиурҭа, ашьҭахь уи ҩ-класскны иҟалеит. 1916-1921 шш. раан аус иуан Очамчыратәи иреиҳау алагарҭатә школ аҟны. Арҭ ашколқәа рҟны П. Шьаҟрыл ашколтә программа аҳәаа дынҭыҵны ахәыҷқәа аҧсуа бызшәа дирҵон. Ақырҭуа меншевикцәа Аҧсны имҩаҧыргоз амилаҭеилыхратә политика даҿагылон.

П. Шьаҟрыл аҧсуа театр аҧҵара ахыҵхырҭаҿы дгылан. 1917 ш. Очамчыратәи арҵаҩцәа рыцхыраарала ара еиҿикаауеит аҧсуа хори адраматә кружоки. Урҭ русура иалахәын Ада Гвалиа, Иван Аџьынџьал, Григори Курцикиӡе, Платон Ԥанцулаиа уҳәа егьырҭгьы. Акружок арепертуар иалан аҧсуа жәлар рашәақәа, иара убас П. Шьаҟрыл ихаҭа иаҧиҵаз апиеса «Алашьцарахьтә алашарахь». Автор иажәақәа рыла, апиеса иҩит 1912 ш. (шәахә.: «Алашара».1958. №4, Ад. 41). Ашәҟәыҩҩы иажәақәа шьаҭас иҟауҵозар, «Алашьцарахьтә алашарахь» амилаҭтә литератураҿы раҧхьатәи драматә ҩымҭоуп. Апиеса аҟны автор даҿагылоит ажәлар ҭынч рынхара иаҧырхагаз аӷьычреи ашьоуреи. 1918 ш. ақыҭақәа рҟнытә Очамчыра еизеит аӡәырҩы, аспектакль иахәаҧшыртә, аха аменшевикцәа – апровокаторцәа актиорцәа руаӡәк дыршьит, аспектакльгьы ддырбартә изыҟамлеит. Ара П. Шьаҟрыл еиҿкааны иман ихаҭа напхгара ззиуаз алитературатә кружок. Арҵагатә программақәа, аметодикатә цхыраагӡақәа еиқәиршәон.

П. Шьаҟрыл раҧхьатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны» авторцәа дреиуан. Ара икьыҧхьын иажәабжь «Абз зҿоу амазара итәитәуеит» (1919. №4), астатиақәа «Кәыдрытәи аучасткаҿы ианаамҭаз адгьыл азы аҟәша рзаамыртит (1919, №7), «Аҧшҩы» (1919. №17).

Авторс дрымоуп иара убас ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи: «Апап Симон», «Аламыс», «Мкыд», «Агәалашәара» уҳәа егьырҭгьы. Урҭ рахьтә апиеса «Алашьцарахьтә алашарахь» анылеит ажурнал «Алашара». 1956. №5, 1958. №4. 1976 ш. Аҟәа иҭыжьын иажәеинраалқәеи ипиесеи еидызкыло ашәҟәы «Алашьцарахьтә алашарахь».

П. Шьаҟрыл дырдыруеит еиҭагаҩк иаҳасабалагьы. Уи аҧсшәахь еиҭеигеит Н. В. Гоголь – «Аҧҳәысҳәара», «Аҧсы хьшәашәақәа», А. П. Чехов – «Каштанка», А. М. Горки – «Ахәыҷра» уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: «Алашьцарахьтә алашарахь». Ажәабжьқәеи апиесеи. Аҟәа, 1976.