Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Тәан-ҧҳа Лиолиа Сулҭан-иҧҳа



Тәан-ԥҳа Лиолиа Сулҭан-иҧҳа (19.01.1952, Аҧсны, Аҟәа араион Ешыра ақыҭа) –22.11.2006, Аҟәа) – аҧсуа поет. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997). Дыҩуан аҧсышәала.

А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1975).  1977 ш. аусура далагеит аныҟәарақәеи аекскурсиақәеи Аҟәатәи рбиуро аҟны. Ашьҭахь атәылаҿацәҭҵааратә ареспубликатә библиотекаҿ аҟәша деиҳабын, Д.И.Гәлиа иҩны-музеи аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс дыҟан. Ахәыҷ-баҳча «Иаирума» аҟны ааӡаҩын. Лыҧсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи аҩнусбарҭа №3 аҟны аус луан.

Заа ажәеинраалақәа лыҩуа далагеит. Лҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», аизгақәа «Еҵәаџьаа», «Однажды в апреле» (Қарҭ, 1982), «…Памятник нам сыновей не заменит… Стихи и песни» (Аҟәа, 1994), «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. – Песнь Мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа – Сухум, 1995), «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001;  аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009) уҳәа.

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы дравторуп.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ашамҭаз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981; Аҵх алакәқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Аҳақашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2001; Алахьынҵа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2006; Сышьҭа. Ажәеинраалақәа. Жәлар рҿаҧыц ҳәамҭақәа. Асалам шәҟәқәа. Агәалашәарақәа. Астатиақәа. Аҟәа, 2012.