Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Венедиктова Надежда Иури-иҧҳа



Венедиктова Надежда Иури-иҧҳа (28.02.1952, Урыстәыла, Новгород ақалақь – аурыс поет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы.

Аҟәатәи ажәиҧшьтәи абжьаратәи ашкол далгеит (1970) иара убас – акультура Москватәи аҳәынҭқарратә институт (1976). 1977-1978 шш. рзы аус луан Москватәи аобласт абиблиотекақәа рҟны. 1979-1987 шш. раан И. Г. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотекаҿ аусура хацлыркит, нас – абиблиотекар хадас диасит, уи нахыс – аилыркаага-библиографиатә ҟәша деиҳабын.

1990-1992 шш. раан – альманах «Литературная Абхазия» аредактор хада ихаҭыҧуаҩс дыҟан. 1992 ш. август мза инаркны 1993 ш. азынӡа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра инамаданы Аҟәантә Крымҟа диасыр акәхеит, нас – Урыстәылаҟа. 1994-1995 шш. рзы Аҧсны аинформациеи акьыҧхьи рминистрра аналитикатә ҟәша деиҳабын, 1995 ш. – аҳәынҭқарратә информациатә агентра «Аҧсныпресс» аналитикатә информациатә ҟәша напхгара алҭон. 1996-2000 шш. Аҧсны аурысгәа ргәыҧ Аконгресс аусура далахәын. 1998-1999 шш. рзы – альманах «Литературная Абхазия» аредактор хада. 2000-2008 шш. раан – Аҧсны аиҳабыра иртәымыз ажурнал «Гражданское общество» аредактор. 2008-2009 шш. рзы – агазеҭ «Эхо Абхазии» ашеф-редактор; 2011-2013 шш. – альманах «Южный Кавказ» алитературатә редактор.

Ажәабжьқәеи, астатиақәеи, аессе, аочеркқәеи, Аҧсни уи атәылауааи, ауаҩытәыҩса ҳаамҭазтәи ипроблемақәеи ирызкуп; иҭлыжьит ароман «Сухумский отшельник».

Лҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурнал «Знамя» (Москва, 1977-2014), альманахқәа «Дикое поле. Донецкий проспект» (2003-2005), «Дом под чинарами» (Қарҭ, 1981-1985), «Литературная Абхазия» (1991, №2), «Южный Кавказ» (2011, №1) уҳәа егьырҭгьы.

Аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи жәпаҩык рҩымҭақәа аурысшәахь еиҭалгеит: А. Н. Гогәуа, (ажәабжьқәа «Дурная кровь», «Туман»), Г. С. Кәыҵниа (ажәеинраалақәа), И. И. Хәарцкиа (ажәабжь «День волчьего купания») уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: Комплимент – оружие сильных. Стихи. Сухуми, 1990; Тоска по совершенству. Стихи. Сухуми, 1992; Сухумский отшельник. Роман.Сухум. 1999; Цезарь и Венедиктова. Роман, рассказы, эссе. Сухум, 2010; Вожделение интеллекта к яблоку… Стихи. Сухум, 2014.