Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Хокерба Шамиль Ибрагим-иҧа



Хокерба Шамиль Ибрагим-иҧа (20.01.1899, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка, (иахьатәи Очамчыра араион) Очамчыра ақалақь) – 1942, Лагодехи, Қырҭтәылатәи ССР) – аҧсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист.

Аҵара иҵон Очамчыратәи ҩ-классктәи ашкол аҟны (1908-1911), ашьҭахь – Очамчыра ақалақь ҧшь-классктәи ашкол аҟны (1911-1915). 1916 ш. дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа. 1918 ш. акомпартиа далалеит. 1920 ш. аҧсуа жәлар рхақәиҭратә қәҧара дахьалахәыз азы ақырҭуа мчрақәа ддырбаандаҩит. 1921 ш. март мзазы, Аҧсны Асовет мчра анышьақәгыла, доужьын. Аҧсны Аревком Кәыдрытәи ауезд адгьыл аҟәша аиҳабыс дҟарҵеит. 1924-1928 шш. рзы аҵара иҵон Қарҭтәи аполитехникатә институт ақыҭанхамҩатә факультет аҟны. Аҧсныҟа даныхынҳә аусура далагеит Аҧснытәи ақыҭанхамҩатә Центр агроном хадас (1933 ш. азынӡа). 1933-1935 шш. раан – Гәдоуҭа араион аҟны асовнхара деиҳабын, ашьҭахь – 1939 ш. азынӡа Аҧсны адгьыл азы Жәлар ркомиссариат агроном хадас дыҟан.

Қырҭтәыла Аҧсны имҩаҧнагоз амилаҭеилыхратә политика даҿагыланы иаартны дықәгылон. 1941 ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алагара мызқәак шыбжьаз, харада ахара идҵаны дырбаандаҩын, Аҧснынтә ддәықәҵан Лагодехиҟа. Шықәсык ҵаанӡа араҟа, абахҭаҿы иҧсҭазаара далҵуеит.

Дыриашан 1956 шықәсазы. 1978 ш. иҧсыбаҩ Лагодехинтәи Аҧсныҟа, иҭынхацәа рахь иааган, анышәгьы дамардеит Очамчыра.

Ш. Хокерба ирҿиамҭақәа жәпакы еиқәымхаӡеит. Ашәҟәыҩҩы ирҿиара ианазхьаҧш дандыриаша ашьҭахь ауп.

Раҧхьатәи иажәеинраалақәа иҩит 1916 шықәсазы («Сҩызцәа», «Аҵара ҵала арҧыс», Анцәа илҧха шәоуааит, аҿар», «Аӷьыч»). Абри ашықәс азы иҩит раҧхьатәи иажәабжьгьы. Ажәабжьқәа иҩуан афольклортә сиужетқәа шьаҭас иаҭаны. Р. Хә. Қапба игәаанагарала, Ш. Хокерба раҧхьаӡа акәны аҧсуа литература иалеигалеит «ажәабжь-лакә» (Қапба Р. Хә. Шамил Хокерба. Иҧсҭазаареи ирҿиареи. Аҟәа, 2003, Ад. 65).

Ш. Хокерба иажәеинраалақәеи истатиақәеи ркьыҧхьуан агазеҭқәа «Аҧсны» (1919-1920), «Аҧсны ҟаҧшь». Ирҿиамҭақәа еизганы хазы шәҟәны иҭыжьын В. Ҳ. Конџьариа лыбзоурала, Аҟәа, 1963 шықәсазы (аизга  еиҭаҭыжьын 1981 шықәсазы). Апоет иажәеинраалақәа агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, еиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Аҧсшәахь еиҭеигеит ақыҭанхамҩеи амедецинеи ирыҵанакуеи егьырҭ аусумҭақәеи.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Иҩымҭақәа реизга. Аҟәа, 1963; Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1981.