Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Занҭариа Владимир Константин-иҧа



Занҭариа Владимир Константин-иҧа (27.09.1953, Аҧсны, Очамчыра араион Тамшь ақыҭа) – аҧсуа поет, алитератураҭҵааҩ, акритик, ажурналист, Аҧсны ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (2012), Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик (2019). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2015). СССР-и (1980) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1999). Урыстәыла ажурналистцәеи Аҧсны ажурналистцәеи Реидгылақәеи (1980)  ажурналистцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи Рконфедерациеи  (2006) рлахәыла. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2016; ажәеинраалақәа реизга « Бзанҵы» азы). Ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара (2003). Дыҩуеит аҧсышәалеи урысшәалеи.

Аҵара иҵон Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1975) «Аҧсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи» азаанаҭ ала. Аамҭак азы рҵаҩыс аус иуан Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1976-1977 шш. рзы Асовет аррамаҵура дахысуан. 1977-1978 шш. раан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» акорреспондентс дыҟан, 1978-1979шш. раан акәзар, - Аҧсуа радио акорреспондетс. Ашьҭахь Аҧснытәи аҳәынҭтелерадиоеилахәыра аредакторс (1979-1980), аредактор хадас (1980-1990), ахантәаҩыс (1993-1994) аус иуан. 1990-1991 шш. рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1992-1997 шш. раан – Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет – Апарламент адепутат, 1997-1999 шш. – Аҧсны акультура афонд ахантәаҩы, 1999-2001 шш. – Аҧсны акультура аминистр, 2001-2004 шш. - Аҧсны Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ. 2008 ш. инаркны аус иуеит  Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут аҟны аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, ашьҭахь – аинцеклопедиа аҟәша аиҳабыс (2008-2014), алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩыс (2014ш. инаркны). 2014 ш. раахыс – Аҧсны Ахада иабжьагаҩ.

2006 ш. Аҧсуаҭҵаара аинститут аҟны ихьчеит акандидаттә диссертациа «Аҧсуа лирика арҿиара амҩақәа (атрадициақәеи ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи)», 2012 ш. акәзар, адоктортә диссертациа «Аҧсуа лирикеи амилаҭтә сахьаркыра- философиатә дкылашьеи».

1970-1980-тәи ашықәсқәа раан аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далахәын, иара убас ауаажәларра-политикатә еиҿкаара «Аидгылара» аҧҵара.

Иажәеинраалақәеи алитература-критикатә статиақәеи аҧсуа шәҟәыҩҩцәа Ф. А. Искандер, А. Т. Аџьынџьал, Т. Шь. Аџьба, Р. Ҳ. Смыр, Г. Шь. Аламиа, В. Л. Аҵнариа, Т. М. Ҷаниа уҳәа рырҿиара иазкны ирнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Абаза», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва), алитературатә еизгақәа «Ерцахә» (аурысшәахь еиҭаганы, Аҟәа, 1981), «Однажды в апреле» (аурысшәахь аиҭага, Қарҭ, 1982), Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра - Аҟәа-Москва, 2009) уҳәа егьырҭгьы.

В. Занҭариа авторс дрымоуп иналукааша аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхҩцәа, аполитикцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа (Б. У. Шьынқәба, Ф. А. Искандер, В. Г. Арӡынба, И. Н. Воронов, В. В. Гамгиа уҳәа егьырҭгьы ирызку ателехәаҧшратә очеркқәа, насгьы апериодикатә кьыҧхь ианылон иҵару ипублицистикатә статиақәа.

Аҧсшәахь еиҭеигеит М. Лермонтов, Ф. Тиутчев, А. Блок, Н. Гумилев, Б. Пастернак, В. Бриусов, А. Ахматова, О. Мандельштам уҳәа рырҿиамҭақәа, Мураҭ Иаган идоуҳатә автобиографиа «Сара сааит Кавказ шьханхыҵнтәи».

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Аҿымҭра абжьы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979; Ахьышьҭрахь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1980; Аицышәҭымҭа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Абас ауардыншьҭра сышху… Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986; Ибжеиқәа-бжашлоу са сдунеи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990; Аҽқәеи амзеи. Ажәеинраалақәа реизга. Аҟәа, 2003; Ҩаӡамакьат аҧҽыхақәа. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи. Аҟәа, 2006; Саамҭа-сыҧшатлакә. Алирика. Аиҭагамҭақәа. Аҟәа, 2008; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аиҭагақәа. Апародиақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014; Аҧсуа лирикеи амилаҭтә сахьаркыра-философиатә дунеихәаҧшра адкылашьеи. Аҟәа, 2011; Амҽхак. Алитература-критикатә статиақәа, арецензиақәа. Аҟәа, 2012; аурысшәахь аиҭагақәа: …И мир оскудеет, когда мы уидем. Стихи. Сухуми, 1998; Забытое Слово. Стихи. Переводы. Сухум, 2005; Абхазская тетрадь. (Очерки и эссе). Сухум, 2007.