Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Џьонуа Ҷиҷико Михаил-иҧа



Џьонуа Ҷиҷико Михаил-иҧа (27.05. 1915, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла – 25.10.1915, Аҟәа) – аҧсуа поет, апрозаик. СССР-и (1952) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (ажәеинралақәеи апоемеи еидызкыло ашәҟәы «Сышьха мҩа» азы) ианашьоуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Аимаратәи алагарҭатә школ аҟны, уи нахыс – Аҭареи Мықәи ршколқәа рҟны. 1931 ш. даанахәеит Аҟәатәи адраматә студиа. 1935 ш. Ш. Руставели ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иҟаз адраматә студиа даднакылеит. 1939ш. иҵара анхиркәша аус иуан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорс. 1941 ш. афронт ахь дцоит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа далахәын, еилгаанӡагьы Аҧсадгьыл ихьчон. Аҧсныҟа даныхынҳә, аусура далагеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы. 1957-1966 шш. раан ажурнал «Амцабз» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1966-1977 шш. рзы ажурнал «Алашара» аредактор хадас аус иуан.

1936 ш. инаркны акьыҧхь аҟны дцәырҵит. Иҩымҭақәа рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия» уҳәа рҟны. Ҷ. Џьонуа иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, аповестқәеи, апиесақәеи, агәалашәарақәеи иҭынхеит.

Аҧсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин, П. Бровка, И. Г. Ҷавҷаваӡе, И. В. Абашиӡе, К. Р. Калаӡе, Ҟ. Ш. Кулиев, Р. Г. Гамзатов, Ф. А. Абдулжалилов ражәеинраалақәа; И. П. Котлиаровски ипиеса «Наталка Полтавка» аҟнытә Пиотр иашәақәа (Н. Ҭ. Кәыҵниеи иареи); Б. И. Куашев ибаллада «Амреи ашәшьыреи»; С. В. Михалков икомедиа «Самбреро»; Н. Ф. Погодин ипиеса «Кремльтәи акурантқәа» (К. Ш. Ломиеи иареи ) уҳәа егьырҭгьы. Аиҭагақәа реиҳарак кьыҧхьын ажурнал «Алашара» аҟны.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Ашәҭқәа ртәыла. Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алегендақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 1950 (қырҭуа шрифтла); Гәдиса Шларба. Аповест. Аҟәа, 1955; Апоемақәа. Аҟәа, 1956;  Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1957; Агәырӷьаҿҳәаша. Апиесақәа. Аҟәа, 1959; Ахра шкәакәа. Аповести ажәабжьқәеи. Ажәеинраалақәа. Ажәлар рҳәамҭахьтә. Аҟәа, 1961; Амаамын сасра ишцаз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1962; Аныҳәаҿа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1964; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Ажәабжьқәа. Адрамақәа. Аҟәа, 1966; Ацәқәырԥақәа гәаҭеиуеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1968; Амаӡақәа         рымаӡа. Аповест, ажәабжьқәа. Аҟәа, 1969; Амшқәа қарамҽо иқәын икәашо. Аҟәа, 1972; Ашьхацамҩа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа,  1972;

Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1975; Иалкаау. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1976; Ашәҭқәеи сареи. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа,  1979; Аныҩбжьы. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи Аҟәа, 1982; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985. Асериа «Иалкаау аԥсуа лирика»; Сара сашәақәа.  Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа,  1987; Ахра шкәакәа. Ажәабжь. Аҟәа,1988. Асериа. «Ашколтә библиотека»; Аӡыхь. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1989; Иҩымҭақәа. Х­томкны. Актәи атом.Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа,  2008 Аҩбатәи атом.Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2008; Ахԥатәи атом.Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 2010; Амца дырцәоит мцала. Агәалашәарақәа. Аҟәа, 1974; аурысшәахь аиҭагақәа: У подножья горы. Стихи. М., 1961.