Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Қәычбериа Сҭеҧан Михаил-иҧа



Қәычбериа Сҭеҧан Михаил-иҧа (1912, Аҧсны, Аҟәатәи аокруг Очамчыратәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) – 18.03.1942) – аҧсуа поет, апрозаик. Дыҩуан аҧсышәала.

Аҵара иҵон Рекатәи алагарҭатә школи Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школи рҟны (1927 ш. инаркны). Далгеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (1939). Мызқәак аус иуан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны, ашьҭахь абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аҧснытәи ринститут ахь диасуеит. Еизигон афольклортә поезиа (асовет аамҭа иаҵанакуаз). Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) анҵысы аррамаҵура иҧхьеит. Дҭахеит афронт аҟны.

Алитература дазхьаҧшит ашкол данҭаз. Авторс дрымоуп асахьаркыратә ҩымҭақәа жәпакы. Ирҿиамҭақәа зегьыҵәҟьагьы еиқәымхеит.

Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1958; Аиҭаира. Ажәабжь. Аҟәа, 1983.